Ателеканал "Гал-Медиа" аредакциа уадақәак блит
10:55 18.08.2026 (ирҿыцуп: 11:09 18.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Ателеканал "Гал-Медиа" аредакциа уадақәак блит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә телехәаԥшра аиҳабы Ҭеиа Аршԥҳа.
"Амца иаалырҟьаны ихәыҵҟьеит, уи аамҭазы афымцатә система ахьанҭара ӷәӷәа ҳәа акгьы ақәӡамызт. Аҷкәынцәа аҭыхрақәа рахьынтә ихынҳәын, ҳколлега ибжьы аниҵон. Убри аамҭазы амцакра ҟалеит", — лҳәеит лара.
Амца ахы акит ԥшьбаны еихагылоу ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы. Иблит х- уадак: ажәабжь хадақәа ахьҭыҵуаз астудиа, аибыҭарҭа, абжьынҵарҭа.
АҶА заанаҵтәи ахәшьарала, афмцаҵәаҳәақәа еиқәылеит лҳәеит Аршԥҳа. Ас еиԥш ахҭысқәа раԥыхразы ишьақәыргылоу ахьчага аус амуит.
"Амцарцәаҩцәа ирласӡаны иааит, аха амца ццакны еибакит, иблыз рацәаӡоуп. Аԥхасҭа атәы ҳҳәозар, зегьы ҳаԥхьаӡалоит. Уажәазы иаҳҳәар ҳалшоит ателеканал иҟалаз иахьмырԥшкәа аус аулоит ҳәа. Ҩ-камерак еиқәырхоуп, даҽакгьы аус ауоу иамуоу гәарҭоит. Аҷкәынцәа иаразнак аппаратура аиқәырхара рҽазыркит", — азгәалҭеит "Гал-Медиа" аиҳабы.
Еиқәхаз атехника азхоит асоциалтә ҳақәа рыла аусуразы. Аналогтә телехәаԥшрала инагӡаны адырраҭара атәы ҳҳәозар, аамҭала иаанкылахоит.
Аршԥҳа илҳәеит аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟа араионтә телехәаԥшра инагӡаны иахәҭаз ала ишеиқәдыршәаз, амаруга ҿыцқәа шаархәаз.
Лара агәыӷра аалырԥшит араион ахадара ироуз аԥхасҭа аиҭашьақәыргылара иацхраап ҳәа.
"Иахьа иаҳҳәар ҳалшоит ауадақәа реиҭашьақәыргылара алшо иҟоуп ҳәа. Сара сгәанала, араион ахадара ҳацхраауеит, иаҳцәыӡыз зегьы хаҳарҭәаауеит", — лҳәеит Аршԥҳа.