Шәача-Аҟәа ирыбжьоу аӷба "Комета" ҩ-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаннагахьеит
12:40 18.08.2026 (ирҿыцуп: 13:08 18.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Шәача - Аҟәа ирыбжьоу аӷба "Комета" ҩ-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаннагахьеит лаҵара 15 раахыс.
Шәачантәи Аҟәаҟа иаанагеит — 1 064- ҩык, Аҟәантәи Шәачаҟа — 810-ҩык. Зынӡа аӷба 21 реис мҩаԥнагеит ҳәа иҳәеит "Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа.
Ҵыԥх "Комета" хә-реиск мҩаԥнагеит, усҟан 910-ҩык мҩаннагеит. Габуниа иҳәеит сынтәа аныҟәара заа, хымз раԥхьа ишалагаз. Иара убасгьы нанҳәа 10 инаркны ареисқәа рхыԥхьаӡара мчыбжьык ахь хԥа рҟынӡа ихалеит.
"Комета" цәыббрамза нҵәаанӡа иныҟәалоит, амш иалнаршар, ареисқәа жьҭаарамзазгьы ирыцҵахоит.