Иԥсҭазаара далҵит Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Игор Ахба
15:12 18.08.2026 (ирҿыцуп: 16:58 18.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Урыстәыла Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Игор Ахба.
"Игор Мураҭ-иԥа иԥсҭазаара алҵра — иуацәеи иҭынхацәеи, аԥсуа жәлари, Аԥсни Урыстәылеи рдипломатиатә еилазаареи, зыԥсадгьыл гәык-ԥсыкала иазыҟаз ауаҩы дыздыруази, пату иқәызҵоз зегьы рзи харҭәаашьа змам цәыӡ хьанҭоуп", — аҳәоит Москва иҟоу ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа акьыԥхьымҭаҿы.
Ахба иахьатәи аԥсуа дипломатиа ахыҵхырҭаҿы дгылан ҳәа азгәаҭоуп. Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра напхгара аиҭеит 1992 шықәсазы, уи ашьҭахь иара Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асистемаҿы егьырҭ амаҵурақәа ааникалон.
2008 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра аназхарҵа ашьҭахь, Игор Ахба раԥхьатәи Аҷыдалкаатә зинмчы змоу цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Иара илагала дууп атәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы.