00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни еицымҩаԥырго ауснагӡатәқәа ирылдыршоит адронқәа ржәылараан аҳәааҿы ашәарҭадара аиҿкаара ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Иара иажәақәа рыла, Шәача аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рзы ашәарҭарара ыҟоуп ҳәа рылаҳәараан АҬ "Ԥсоу" аусура ааныркылоиь, убри аамҭазы аҳәаахьчаратә маҵзурақәа аҳәаа иахысуа атәылауаа ршәарҭадара аԥҵаразы аоперативтә уснагӡатәқәа рыдыркылоит. Латипов иазгәеиҭеит урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаратә усбарҭақәа реинырра хра аманы ишыҟоу, ицәырҵуа ашәарҭарақәа ианаамҭоу рықәҿыҭра шалнаршо.
Уахыки-ҽнаки рыла 60 нызқьҩык рҟынӡа акурорттә сезон ашыкьымҭаз аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуеит иҳәеит Аҧсны АшәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Иара иажәақәа рыла, аҳәаа аушьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 10 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, аха ԥхынгәымза-нанҳәамзазы атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳара инамаданы агәаранқәа шьақәгылоит. "Атранспорттә хархәагақәа рыла амҩасразы х-сааҭк рҟынӡа, ашьаҟауаҩ изы-сааҭк еиҳамкәа", — иҳәеит Латипов, РИА Новости аинтервиу аҭо.
Таџьикистан иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихьӡала Григориев иаааишьҭыз ателеграммаҿы — Ахба исзааигәоу, иҟәыӷаз, гәык-ԥсыкала исҩызаз, сашьеиҳаб ҳәа изиҳәоит. Григориев иажәақәа рыла, дара реиҩызара ахы акит 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхарҵа ашьҭахь аҩ-тәылак раԥхьатәи рыцҳаражәҳәаҩцәас ианыҟала: Ахба — Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ, Григориев – Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ.
Игнат Дмитриев – АК "Аԥсны" ашьапылампыласҩы ҿыц. 22 шықәса зхыҵуа аспортсмен ажәыларатә ахьчаҩбжа ипозициа ааникылоит. Дмитриев "Балтикеи" "Чертановои" реилазаарақәа рҿы дыхәмаруан, амедиашьапылампыл аҿы Lit Energy, "Амкал" дрылахәын. Амедиалига Ахраҿа агәыԥтә етап мҩаԥгахоит нанҳәа 29 инаркны жьҭаара 4 рҟынӡа. Аԥснытәи акоманда агәыԥ А аҿы ихәмарраны иҟоуп. Агәыԥтә етап анхыркәшахалак, гәыԥцыԥхьаӡа рҟынтәи иӷәӷәаӡоу ԥшь-командак плеи-офф аҿы ихәмарруеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0