00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ҳара ҳжәар
13:29
1 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
5 мин
14:39
1 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
5 мин
18:39
1 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
5 мин
21:39
1 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:28
1 мин
Новости
18:31
3 мин
18:58
1 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:28
1 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
14 қыҭа Аԥсны ақыҭақәа рыҿиара апрограммала афинанстә цхыраара роуеит. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала аҳәынҭқарратә программа "2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара" анагӡаразы акомиссиа уажәазы инарышьҭхьоу азыҳәақәа зегьы ирықәшаҳаҭхеит. Қыҭацыԥхьаӡа 1 млн мааҭ рҟынӡа рзынарышьҭуеит амҩақәа реиҭашьақәыргылареи, асоциалтә хыбрақәа реиҭашьақәыргылареи реиқәыршәареи, акоммуналтә инфраструктура аҿиареи, ауаажәларратә ҵакырақәа ӡыла реиқәыршәареи реиҿкаареи рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара.
Аҟәа аԥшаҳәаҿтәи Агәашьеибаркыра архитектура-сахьаркыратә ҵырлашаразы аусурақәа хыркәшахоит нанҳәа 26 рзы. Урҭ мҩаԥыргоит Нижни Новгород аҟынтәи аҟазауаа. 2025 шықәсазы аргылара хыхтәи ахәҭа ыҵырлашан. Уажәы ҵаҟа — адгьылтә, абааӡара иацәыхьчоу арлашагақәа ықәдыргылоит. Зынӡа 37 рлашага ҟалоит."Ҳара агәахәара ҳнаҭоит ҳусурақәа ахьхыркәшахо, избанзар, имҩаԥгаз аусурақәа даара аџьабаа рыцын, аиҳарак атехника ала, избанзар аҳауатә ҷыдарақәа иалдыршомызт ас еиԥш аргылараҿы истандартны ишьоу амаругақәа рхархәара", — ҳәа азгәалҭеит Нижни Новгород ақалақьмазара анапхгараҭаразы аилак аиҳабы Светлана Помпаева.
Аԥсны атопонимика апроблемақәа ирызкыз астол гьежь мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Аиԥылара иалахәын аҵарауааи Жәлар Реизара адепутатцәеи. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит Аԥсны еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҭоурыхтә хьыӡқәа реицакра ахҭысқәа лассы-лассы ишуԥыло. "Ҳәарада, апроблема ыҟоуп иахьатәи ҳаамҭазы. Аӡәырҩы рхала иҟам-ианым хьӡқәаки ҭоурыхқәаки рхы иҭырҳәаауеит. Ҳҵарауаа ашьхақәеи алаҟәырақәеи рҿы аҭыԥқәа зегьы ҭырҵааит, аҭоурыхтә хьыӡқәа еиҭашьақәдыргылеит", — азгәеиҭеит иара. Ашәба иажәақәа рыла, иахьа, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа инарҭбааны ахархәара анрымоу, ашәарҭара ду аҵоуп ареспубликеи уи аҭоурых иашаҵәҟьеи иҽеим анырра рызҭаша еицаку аинформациа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Нонна Дорофеева 102 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков аветеран дылҭааит, Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәи, ашәҭқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи лиҭеит ҳәа аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура."Шәара аиааира згаз илегендартәу абиԥара шәаҵанакуеит. Шәара шәфырхаҵареи шәџьабааи рыла ҳгәы шьҭышәхуеит. Ишәзеиӷьасшьоит зегь реиҳа ихадоу — агәабзиара, шәыуацәеи шәҭынхацәеи еснагь шәааигәа иҟазааит", — азгәеиҭеит адипломат.
Ажәабжьқәа зегьы
0