"Аԥсны Ҿа" аицлабратә проектқәа ԥшьба хацнаркит
18:48 19.08.2026 (ирҿыцуп: 20:21 19.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. "Аԥсны Ҿа" аицлабратә проектқәа ԥшьба хацнаркит.
Апроектқәа рзырхоуп — арҿиаратә, аспорттә, асоциалтә активра аазырԥшуа аԥснытәи аҿар адгылара рыҭара.
Автортә усумҭақәа рзы азыҳәақәа еиуеиԥшым ақәратә категориақәа рҿы ирыдыркылоит:
▫"Ақыҭаҿы анхареи уи аҿиареи" ("Жить и развивать родное село") — 14 шықәса инаркны 21 шықәсанӡа зхыҵа аҿар рқыҭа гәакьа, уи аҭоурых, атрадициақәа, ауаа, аԥсабаратәи акультуратәи ҭынха, иҟоу апроблемақәа, ақыҭа аҿиаразы ирымоу агәазыҳәарақәа ирызку аессе.
▫"Аспорттә лаԥшҳәаа" ("Спортивный горизонт") 18-35 шықәса зхыҵуа — аспорттә ҟазара, маха-шьахала аҽазыҟаҵара, аихьӡарақәа, аспорттә ҟазара, мамзаргьы иалху аспорт хкы аелементқәа аазырԥшуа авидеонҵамҭа аҭыхра.
▫"Аԥсны сара сыблала" ("Абхазия моими глазами") 18-35 шықәса зхыҵуа — доусы иблала Аԥсны аазырԥшуа афотосахьа: уи аԥсабара, аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынха, амилаҭтә традициақәа, архитектура, ауаа, ахҭысқәа, есыҽнытәи аԥсҭазаара.
▫"Сԥеиԥш иахьа иалагоит" ("Мое будущее начинается сегодня") 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа рзы — рхатәы хықәкқәеи, рыхәшьарақәеи, ақәҿиарахь раԥхьатәи ашьаҿақәеи ртемала аессе.
Аиааира згаз ныҟәара ирышьҭыр ҟалоит апрограмма "Больше, чем путешествие" аҳәаақәа ирҭагӡаны Москваҟа, Краснодартәи атәылаҿацә ахь, Ростовтәи аобласт ахь, амаршрут "Золотое кольцо" ала.
Аусумҭақәа рыдыркылоит абри аелектронтә ԥошьҭахь — molodaya_abkhaziya@mail.ru.
Азыҳәақәа рыдыркылоит нанҳәа 22 рҟынӡа.