Аԥсшьацәа раангылараҭа ахәԥса аҳәаақәҵара иазку азакәанпроект азырхиахоит
14:07 20.08.2026 (ирҿыцуп: 15:28 20.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Атуризм аминистрреи Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи аус адырулеит атурсезон аан ауаа рнырхаразы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы азакәанпроектқәа.
Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аҩ-усбарҭак рҟынтәи апроект аҿырԥштәқәа ҩба азырхиоуп. Урҭ Жәлар Реизарахь ахәаԥшразы ирышьҭит.
Иара адемпинг апроблема акыр иҵару зҵаароуп ҳәа ахиҳәааит, агәыӷра ааирԥшит адепутатцәа алархәны ауаажәларра ирҭаху азакәан адкылара алыршахап ҳәа.
"Уажәы Апарламент адепутатцәа рыԥсшьарамшқәа хдыркәшоит, аусура иҭыҵуеит, сгәы иаанагоит залахәхара ҳазхиоу, инарҭбаау ахцәажәарақәагьы ҟалоит ҳәа. Атуризм аминистрра аҳасабала ҳара аҭагылазаашьа шаабо, уадаҩрада, Аԥсныҟа атуристцәа раара алзыршо аилахәырақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ԥхасҭамтәкәа, аҭыԥантәи абизнес маҷ адгылара шаҳҭаша ҳәа ҳгәаанагарақәа ҳалацәажәоит", — иҳәеит иара "Аԥсуа телехәаԥшраҿы"имҩаԥысыз апресс-конференциа аҟны.