Гладкови Демичевеи Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә еиҿкаарақәа реинырра иалацәажәеит
17:28 20.08.2026 (ирҿыцуп: 18:09 20.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә еиҿкаарақәа реинырра иалацәажәеит урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Владислав Гладкови аиҿкаара "Аҳақьым Лиза лыцхыраара иаша" ахада Ольга Демичевеи.
Аиԥылара тема хада — аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа хьанҭаҿы ауаа рыдгылареи, Урыстәыла ахәышәтәра зҭаху ахәыҷқәа рыцхыраара аиҿкаареи.
Аҵакы змоу даҽа проектуп — Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ахәыҷқәа здызкылаша ахәыҷтәы реабилитациа-рзҩыдахаратә центр ҿыц аргылара.
Аганқәа иара убасгьы ирзааҭгылеит, хаз игоу категориақәак ирыҵанакуа Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзы Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа ралхрақәа раан абжьыҭира аиҿкаара, апенитенциартә усҳәарҭақәа рҿы иҟоугьы уахь иналаҵаны.