https://sputnik-abkhazia.info/20260820/1065096951.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
660 нызқьҩык рҟынӡа ауаа Аԥсны рыԥсы ршьеит нанҳәа 1 азтәи адыррақәа рыла. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иҳәеит, макьаназы зыӡбахә ҳәоу туристтә агрегаторк... 20.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-20T18:01+0300
2026-08-20T18:01+0300
2026-08-20T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/14/1065096785_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_4d1cac0743324a95b1b69a9dd6b5431a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
660 нызқьҩык рҟынӡа ауаа Аԥсны рыԥсы ршьеит нанҳәа 1 азтәи адыррақәа рыла. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иҳәеит, макьаназы зыӡбахә ҳәоу туристтә агрегаторк адыррақәа шракәу, ԥыҭрак ашьҭахь егьырҭгьы рыстатистика шроуа. Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны иара иазгәеиҭеит, аусбарҭа шықәсык ахь знык-ҩынтә абжьаратәи аихшьаалақәа ҟанаҵо ишалагаз, аԥхын аихшьаалақәа мацара ракәымкәа."Аилахәыра дуқәа русура иабзоураны, Аԥсныҟа ҳзышьцылахьоу аамҭахәҭа анҭыҵгьы ауаа рацәаҩны иаауа иалагеит. Ҳара иаабоит иҳаҩсыз ашықәс азы жьҭаарамза шыссирыз, абҵарамзагьы иара убас", — иҳәеит Логәуа. Аминистр иациҵеит, сынтәатәи акурорттә аамҭахәҭа аихшьаалақәа уаанӡатәиқәа иреиԥшымзар шалшо, аха ибааԥсӡан ҳәа узазҳәом ҳәа.
"Аԥсны-Оил" ареспубликахь 960 тонн АИ-92 абензин аанагеит. "Иҳауз абылтәы ахәҭак — 303 тонн абылтәыҭаҭәарҭақәа "АЗиД", "Алхан", "Саламандра", заанаҵ иҟарҵахьаз азыҳәақәа инарықәыршәаны, ирызшахоит", — ҳәа аанацҳауеит акомпаниа апресс-маҵзура. Иара убас, арҭ аилахәырақәа амчыбжь анҵәамҭазы даҽа 380 тонн абылтәы роуеит.
Атуризм аминистрреи Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи аус адырулеит атурсезон аан ауаа рнырхаразы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы азакәанпроектқәа. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аҩ-усбарҭак рҟынтәи апроект аҿырԥштәқәа ҩба азырхиоуп. Урҭ Жәлар Реизарахь ахәаԥшразы ирышьҭит. Иара адемпинг апроблема акыр иҵару зҵаароуп ҳәа ахиҳәааит, агәыӷра ааирԥшит адепутатцәа алархәны ауаажәларра ирҭаху азакәан адкылара алыршахап ҳәа.
Алиса Гыцԥҳа леицлабратә-лабораториа алахәылацәа алшара рнаҭоит уи анхыркәшахалак ашьҭахьгьы рхы аадырԥшларц ҳәа иҳәеит аицлабрақәа руак агран-при занашьоу, Урыстәыла атеатр Дуи Москватәи атеатр "Аопера Ҿыци" рлахәыла Валери Макаров. Иара иазгәеиҭеит, аҳаҭыртә шәҟәқәа анрырҭалак ашьҭахь зегьы ахьхыркәшахо, егьырҭ амузыкатә еицлабрақәа иреиԥшымкәа, Гыцԥҳа леицлабратә-лабораториа артистцәа ҿарацәа, анаҩсгьы еиуеиԥшым аилахәырақәа аус рыцура, Урыстәыла арегионқәа рҿы рықәгылара шалнаршо. II ааицлабраҿ гран-при занашьаз Софиа Сақаниаԥҳа, Макаров иажәақәа шьақәлырӷәӷәеит. Иазгәалҭеит алахәхара лара лзы азанааҭтә ԥсҭазаарахь ҵаҵӷә дуны ишыҟалаз.
660 нызқьҩык рҟынӡа ауаа Аԥсны рыԥсы ршьеит нанҳәа 1 азтәи адыррақәа рыла. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иҳәеит, макьаназы зыӡбахә ҳәоу туристтә агрегаторк адыррақәа шракәу, ԥыҭрак ашьҭахь егьырҭгьы рыстатистика шроуа. Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны иара иазгәеиҭеит, аусбарҭа шықәсык ахь знык-ҩынтә абжьаратәи аихшьаалақәа ҟанаҵо ишалагаз, аԥхын аихшьаалақәа мацара ракәымкәа."Аилахәыра дуқәа русура иабзоураны, Аԥсныҟа ҳзышьцылахьоу аамҭахәҭа анҭыҵгьы ауаа рацәаҩны иаауа иалагеит. Ҳара иаабоит иҳаҩсыз ашықәс азы жьҭаарамза шыссирыз, абҵарамзагьы иара убас", — иҳәеит Логәуа. Аминистр иациҵеит, сынтәатәи акурорттә аамҭахәҭа аихшьаалақәа уаанӡатәиқәа иреиԥшымзар шалшо, аха ибааԥсӡан ҳәа узазҳәом ҳәа."Аԥсны-Оил" ареспубликахь 960 тонн АИ-92 абензин аанагеит. "Иҳауз абылтәы ахәҭак — 303 тонн абылтәыҭаҭәарҭақәа "АЗиД", "Алхан", "Саламандра", заанаҵ иҟарҵахьаз азыҳәақәа инарықәыршәаны, ирызшахоит", — ҳәа аанацҳауеит акомпаниа апресс-маҵзура. Иара убас, арҭ аилахәырақәа амчыбжь анҵәамҭазы даҽа 380 тонн абылтәы роуеит.Атуризм аминистрреи Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи аус адырулеит атурсезон аан ауаа рнырхаразы ахәԥсақәа рҭышәныртәаларазы азакәанпроектқәа. Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аҩ-усбарҭак рҟынтәи апроект аҿырԥштәқәа ҩба азырхиоуп. Урҭ Жәлар Реизарахь ахәаԥшразы ирышьҭит. Иара адемпинг апроблема акыр иҵару зҵаароуп ҳәа ахиҳәааит, агәыӷра ааирԥшит адепутатцәа алархәны ауаажәларра ирҭаху азакәан адкылара алыршахап ҳәа.Алиса Гыцԥҳа леицлабратә-лабораториа алахәылацәа алшара рнаҭоит уи анхыркәшахалак ашьҭахьгьы рхы аадырԥшларц ҳәа иҳәеит аицлабрақәа руак агран-при занашьоу, Урыстәыла атеатр Дуи Москватәи атеатр "Аопера Ҿыци" рлахәыла Валери Макаров. Иара иазгәеиҭеит, аҳаҭыртә шәҟәқәа анрырҭалак ашьҭахь зегьы ахьхыркәшахо, егьырҭ амузыкатә еицлабрақәа иреиԥшымкәа, Гыцԥҳа леицлабратә-лабораториа артистцәа ҿарацәа, анаҩсгьы еиуеиԥшым аилахәырақәа аус рыцура, Урыстәыла арегионқәа рҿы рықәгылара шалнаршо. II ааицлабраҿ гран-при занашьаз Софиа Сақаниаԥҳа, Макаров иажәақәа шьақәлырӷәӷәеит. Иазгәалҭеит алахәхара лара лзы азанааҭтә ԥсҭазаарахь ҵаҵӷә дуны ишыҟалаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/14/1065096785_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0ab0249373a21442b2e63f9aa8edcd12.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио