Аҟазарҭа "Аус бзиақәа рстратегиа" ихшьаалақәа рыла асоциалтә проектқәа жәаба ӡырыргеит
21:38 20.08.2026 (ирҿыцуп: 00:53 21.08.2026)

© Foto / "Команда Абхазии"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Аҟазарҭа "Аус бзиақәа рстратегиа" ихшьаалақәа рыла асоциалтә проектқәа жәаба ӡырыргеит.
Уи мҩаԥысуан нанҳәа 17-19 рзы Ареспубликатә волонтиортә центр аҿы. Ахықәкы — алахәылацәа рзанааҭҟазара арҿиара, Аԥсны аволонтиорра ԥхьаҟатәи аҿиара астратегиа ашьақәыргылара.
Аусура ҩ-гәыԥкны имҩаԥысуан: активистцәа апроект аус адырулон, ацентр анапхгареи акоординаторцәеи аиҿкаара аҿиара амҩатә хсаала аԥырҵон. Ацентр аусура ахырхарҭа хадақәа алкаауп: аволонтиорцәа иаку рбаза аԥҵара, "Аволонтиорцәа рышкол" аус адулара, х-раионк рҿы ахаҭарнакрақәа раартра, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи дареи рпартниортә еимадарақәа рыҿиара.
Аус зыдулаз апроектқәа зегьы аексперттә хәшьареи аус адуларазы абжьгарақәеи роуит, инагӡахар зылшо ахшыҩҵақәа алыркааит.
Аволонтиортә центр — "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла", ассоциациа "Добро.РФ" рыцхыраарала "Аԥсны акоманда" инанагӡаз проектуп.