Аԥснытәи абаҩхатәра злоу фҩык аҭыԥҳацәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум иалахәуп
22:12 20.08.2026 (ирҿыцуп: 00:34 21.08.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik. Аԥснытәи абаҩхатәра злоу фҩык аҭыԥҳацәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә аатит иахьа Москватәи апионерцәа рхан аҿы.
Аделегациа аилазаара иалалеит Аҟәатәи амузуыкатә ҵараиурҭа астудентцәа Алиа Чагәааԥҳаи, афорум раԥхьатәи амш азы аиҩызаратә концерт аҿы ақәгылара иахьӡахьоу Ҭеона Ҭачулиеи. Иара убасгьы, Москваҟа ицеит Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа аҵаҩцәа Амина Шевхужевеи Стелла Гәымԥҳаи, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа Алекса Лазунинеи Адила Барцыцԥҳаи.
Афорум нанҳәа 22 рҟынӡа имҩаԥыслоит.