Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа: Аԥсны абжьыҭара зылшода, насгьы ишԥа?

Sputnik
Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо иаку абжьыҭара амш хымш имҩаԥысуеит — цәыббра 18 инаркны 20 рҟынӡа (ари аҩыза абжьыҭара аформат ахархәара амоуп 2021 шықәса раахыс).
Аҳәаанырцәтәии урҭ ирышьашәалоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы, Аԥсынгьы уахь иналаҵаны, абжьыҭара мышкы мацара — цәыббра 20 рзы ауп ианымҩаԥысуа.
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аус рулоит асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Изылшода абжьыҭара аҽалархәра
Абжьыҭара амш азы 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа (урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаагьы уахь иналаҵаны) — иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо реиԥш, аамҭала, ԥсшьара, ма амаҵураныҟәара иахысуа.
Аԥсны абжьаҭаразы аҭыԥқәа ахьаарту
8000 — Аҟәа, В. Лакәаба имҩа, 2 аҩ.
8001 — Аҟәа, Картозиа имҩа, 6 аҩ.
8002 — Аҟәа, Ешба имҩа, 173а аҩ.
8003 — Аҟәа, Ӡиӡариа имҩа, 52 аҩ.
8004— Аҟәа, Ақырҭаа имҩа, 34 аҩ.
8005— Аҟәа, Лакәаба имҩа, 46 аҩ.
8006— Аҟәа, Лакәаба имҩа, 111аҩ.
8007 — Аҟәа, Б. Адлеиба имҩа, 484 аҩ.
8008 — Аҟәа р-н, Баслаҭа ақыҭа, Адам Хәаде имҩа, 8 аҩ.
8019 — Аҟәа р-н, Ешыра ақыҭа, Езыгәбаиаа Иашьцәа рымҩа, 4-тәи абжьаларҭа, 2 аҩ.
8037 — Аҟәа р-н, Гәымсҭа ақыҭа, Ешыратәи амҩа, абжьаратә школ ахыбра
8190 — Цандрыԥшь аҳабла, Жьҭаарамзатәи амҩа, 448 аҩ.
8275 — Гагра, Абазгаа рымҩа, 53/3 аҩ.
8301 — Гагра, Арӡынба имҩа, 84 аҩ.
8337 — Пицунда, Гыцба имҩа, 7 аҩ.
8397 — Бзыԥ аҳабла Ешба имҩа, 74 аҩ.
8405 — Уаҭҳара ақыҭа ахадара ахыбра
8415 — Хьыԥсҭа ақыҭа ахадара ахыбра
8419 — Лыхны ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8420 — Бамбора ақыҭа, Абазатәи амҩаду, 112 аҩны
8422 — Гәдоуҭа, Ԥхынгәы 23 амҩа, 1 аҩны
8424 — Приморское ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8427 — Афон ҿыц, Ладариа имҩа, 3 аҩны
8430 — Ԥшьаԥ ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8431 — Агәыӡера аҳабла, Курчатов имҩа, 24 аҩ.
8434 — Дранда ақыҭа, Абжьыуатәи амҩаду, абжьаратә школ ахыбра
8435 — Аҽгәара ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8437 — Акәасқьа ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8442 — Ҷлоу ақыҭа, акультура аҩны ахыбра
8443 — Кәтол ақыҭа, абжьаратә школ ахыбра
8444 — Аӡҩыбжьа ақыҭа ахадара ахыбра
8445 — Очамчыра ақалақь Ҷанба имҩа, 56 аҩны
8447 — Тҟәарчал, Ахақәиҭра амҩаду, 26 аҩ.
8448 — Тҟәарчал, Лакәаба имҩа, 20 аҩ.
8449 — Гал, Леон имҩа, 1 аҩ.
Абжьыҭаразы заанаҵтәи ашәҟәҭагалара аҭахӡам. Ахаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент умазароуп:
Аҭаҩрада абжьыҭара шалыршахо
Аԥсны иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан абжьыҭаразы заанаҵтәи ашәҟәҭагалара аҭахӡам.
Абжьыҭара амш аҽны иазхоит аҭыԥқәа руак ахь анеира, алхратә комиссиа ҿырҳәала адҵаалара, атәылауаҩшәҟәы, ма уи зыԥсахуа адокумент ацәыргара. Ари ааԥхьара шьаҭас иҟаҵаны, алхҩы иназыцҵоу асиа данырҵоит — аҭыԥ аҿыҵәҟьа, заанаҵтәи арзаҳал ҟамҵакәа. Ари аҩыза абжьаҭара аус ауеит аҳәаанырцәтәи аҭыԥқәа ирыдҳәаланы.
Убри аан, Урыстәыла аҩнуҵҟа иҟоуп амеханизм "Амобилтә алхҩы". Уи иалнаршоит ашәҟәы шәахьҭаҩу аҭыԥ аҿы шәыҟамзаргьы, ишәзыманшәалоу иарбан ҭыԥзаалак аҿы абжьыҭара.
Уи азы заанаҵы арзаҳал нашьҭтәуп шәахьыҟоу аҭыԥ аҿы алхыҩцәа рсиа алагаларазы. Уи аҟаҵара алшоит азнеишьақәа руак ала:
