https://sputnik-abkhazia.info/20260821/1065112369.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Мраҭашәаратәи асанкциақәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра рҭахкаарахьы ицәырнагеит ҳәа иҳәеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак... 21.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-21T13:30+0300
2026-08-21T13:30+0300
2026-08-21T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065112202_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_241460274090eba89c0d49f5b61ac17f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Мраҭашәаратәи асанкциақәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра рҭахкаарахьы ицәырнагеит ҳәа иҳәеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Васили Небензиа Ниу-Иорк, нанҳәа 20 рзы, апресс-знеишьаҿы.Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә ҭыԥқәа рхы иадырхәоит ҩ-республикак рықәыӷәӷәаразы, уи урҭ адунеитә еилазаара ралхәдаара арӷәӷәоит.Небензиа ишазгәеиҭаз ала, иахьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп Урыстәыла адискредитациеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭахкаареи ирзырхоу Қырҭтәыла аҿагыларатә курс.Убри аан Москва азыхиоуп Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рыбжьара аиҿцәажәара ацхраара ҳәа иажәа хиркәшеит ахаҭарнак.
Тҟәарчал ақалақь астратегиатә ҿиаразы агәыԥ аԥырҵоит.Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит араион ахада Герман Каҷараа. Аексперт-аналитикатә, аконсультативтә, апроекттә усбарҭа ҿыц аус аулоит ахадараҿы.Агәыԥ аилазаара азиндырҩцәа, аурбанистика, аҭыԥтә планҟаҵара, аекономика, амедиа-коммуникациақәа рганахьала аспециалистцәа радԥхьалара азԥхьагәаҭоуп иҳәеит араион ахада активи атәыла ахада Бадра Гәынбеи реиԥылараан. Аԥшьгамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, араион ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал астратегиатә ҿиара агәыԥ Ҳаҭыр зқәу лахәылак иаҳасабала далаларц идигалеит.
Тҟәарчал араион аҿы шықәсыбжак ала ахархәара зауз афымцамч 25% рҟынӡа аԥара ахыршәааит.Иааидкыланы иахыԥхьаӡалоу 94,2 млн мааҭ аҟынтәи 23,6 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.Зынӡа аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ахархәара аҭан 56,6 млн кВт·с афымцамч ҳәа иҳәеит араионтә филиал "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Ҭемыр Гогәуа актив реизараҿы.Тҟәарчал араион аҿы 21 иуристтә хаҿқәа рҟынтәи ахархәара зауз афымцамч азы ишәоу аԥара 7,2 млн мааҭ ҟалеит. Ахатәхаҿқәа рҟынтәи – 165, млн мааҭ.Аҳасабырбатә аамҭа анҵәамҭазы ахархәара зауз афымцамч азы азеиԥш уал иартәеит 70,6 млн мааҭ. Урҭ рҟынтәи аиуристтә хаҿқәа руал — 1,3 млн мааҭ, ахатәхаҿқәа-69,3 млн мааҭ инаӡоит.
Тҟәарчал араион зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩу 40 инареиҳаны аҭаацәарақәа 2026 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи хықәкылатәи ацхыраара роуит.Зынӡа ари аус иазоужьын 796,5 нызқь мааҭ. Уи адагьы, Тҟәарчал араион иахьаҵанакуа иҭаҩу, инхо атәылауаа аҳәынҭқарратә социалтә цхыраара рыҭара иазку ареспубликатә программа аҟынтәи, 2026 шықәса ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа, 15 млн мааҭ рҟынӡа азоужьын.
Мраҭашәаратәи асанкциақәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра рҭахкаарахьы ицәырнагеит ҳәа иҳәеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Васили Небензиа Ниу-Иорк, нанҳәа 20 рзы, апресс-знеишьаҿы.Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә ҭыԥқәа рхы иадырхәоит ҩ-республикак рықәыӷәӷәаразы, уи урҭ адунеитә еилазаара ралхәдаара арӷәӷәоит.Небензиа ишазгәеиҭаз ала, иахьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп Урыстәыла адискредитациеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҭахкаареи ирзырхоу Қырҭтәыла аҿагыларатә курс.Убри аан Москва азыхиоуп Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рыбжьара аиҿцәажәара ацхраара ҳәа иажәа хиркәшеит ахаҭарнак. Тҟәарчал ақалақь астратегиатә ҿиаразы агәыԥ аԥырҵоит.Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит араион ахада Герман Каҷараа. Аексперт-аналитикатә, аконсультативтә, апроекттә усбарҭа ҿыц аус аулоит ахадараҿы.Агәыԥ аилазаара азиндырҩцәа, аурбанистика, аҭыԥтә планҟаҵара, аекономика, амедиа-коммуникациақәа рганахьала аспециалистцәа радԥхьалара азԥхьагәаҭоуп иҳәеит араион ахада активи атәыла ахада Бадра Гәынбеи реиԥылараан. Аԥшьгамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, араион ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал астратегиатә ҿиара агәыԥ Ҳаҭыр зқәу лахәылак иаҳасабала далаларц идигалеит. Тҟәарчал араион аҿы шықәсыбжак ала ахархәара зауз афымцамч 25% рҟынӡа аԥара ахыршәааит.Иааидкыланы иахыԥхьаӡалоу 94,2 млн мааҭ аҟынтәи 23,6 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.Зынӡа аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ахархәара аҭан 56,6 млн кВт·с афымцамч ҳәа иҳәеит араионтә филиал "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Ҭемыр Гогәуа актив реизараҿы.Тҟәарчал араион аҿы 21 иуристтә хаҿқәа рҟынтәи ахархәара зауз афымцамч азы ишәоу аԥара 7,2 млн мааҭ ҟалеит. Ахатәхаҿқәа рҟынтәи – 165, млн мааҭ.Аҳасабырбатә аамҭа анҵәамҭазы ахархәара зауз афымцамч азы азеиԥш уал иартәеит 70,6 млн мааҭ. Урҭ рҟынтәи аиуристтә хаҿқәа руал — 1,3 млн мааҭ, ахатәхаҿқәа-69,3 млн мааҭ инаӡоит. Тҟәарчал араион зыбзазаратә ҭагылазаашьа уадаҩу 40 инареиҳаны аҭаацәарақәа 2026 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи хықәкылатәи ацхыраара роуит.Зынӡа ари аус иазоужьын 796,5 нызқь мааҭ. Уи адагьы, Тҟәарчал араион иахьаҵанакуа иҭаҩу, инхо атәылауаа аҳәынҭқарратә социалтә цхыраара рыҭара иазку ареспубликатә программа аҟынтәи, 2026 шықәса ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа, 15 млн мааҭ рҟынӡа азоужьын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065112202_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c2bd8dedb18cd65662ac2347437638ee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио