Аԥснынтәи хҩык ажурналистцәа Москва Зубовски аҿы Sputnik Pro 14-тәи амодуль иалахәуп
15:45 21.08.2026 (ирҿыцуп: 16:41 21.08.2026)

© Sputnik / Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Аԥснынтәи хҩык ажурналистцәа – Саида Жьиԥҳа, Мадина Ҭарԥҳа, Милена Сниатовскаиа —Москва Зубовски аҿы Sputnik Pro 14-тәи амодуль иалахәуп.
Нанҳәа 17-21 рзы имҩаԥысуаз апрограмма иалахәын Ермантәыла, Беларуссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Узбекистан рхаҭарнакцәа.
Хәымш рыҩнуҵҟа алахәылацәа амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа"аусзуҩцәа нагақәа рлекциақәеи рҟазара-классқәеи ирҭаауан. Тема хадақәан: иԥсабаратәым ахдырра аус адулара, ажәабжьқәа разырхиара, арадиожурналистика, авидеоҭыжьра, арратә корреспондент иусура.
Алахәылацәа иара убасгьы авиртуалтә студиа иаҭааит, еилыркааит ҳаамҭазтәи авидеоҭыжьра аформатқәа зеиԥшроу, аролик кьаҿқәа рҭыхра, реибыҭара, раԥҵара ртәы.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟазауаа асоциалтә ҳақәа рҿы аусура, ахатәы бренд аӡыргара, ҳаамҭазтәи амедиатехнологиақәа рхархәара иалацәажәеит.
Ахыркәшаратә мшы азы алахәылацәа хәымш рыҩныҵҟа аус здырулоз апроектқәа ӡырыргеит, апрограмма ишахысыз азы адипломқәа роуит.
2023 шықәса раахыс апроект "Sputnik Pro Зубовски" иалахәхахьеит 11 тәыла рҟынтәи 168-ҩык ажурналистцәа. 2026 шықәсазы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны азанааҭтә ҟазара аизырҳара рылшоит аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа рҟынтәи АИХ-қәа рхаҭарнакцәа даҽа 24-ҩык.