00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:04
9 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:51
9 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Актуальный комментарий
21:51
9 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гал араион аушьҭымҭацәа Шәачаҟа рныҟәара иалацәажәеит Sputnik апресс-конференциа аҟны

© Sputnik / Sputnik / Леон АдлейбаПресс-конференции в Sputnik
Пресс-конференции в Sputnik - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәа Шәачаҟа рҵара-мҩақәҵаратәи ркультуратәи ныҟәара аихшьаалақәа ирылацәажәеит Sputnik Аԥсны апресс-конференциа аҟны.

Аныҟәара еиҿкаан нанҳәа 17-18 рзы, Аԥсны жәлар рдипломатиа ацентр афилиали Гал араион ахадареи еицеиҿыркааит ибзиаӡан зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа рзы.

Ашколхәыҷқәа рҭааит арҵаратә центр "Сириус", Никола Теслеи Леонардо да Винчи рмузеиқәа, аетнопарк "Сара с-Урыстәыла", Гәыбаадәы, Апарк "Шәача".

Жәлар рдипломатиа ацентр афилиал анапхгаҩы Антон Акимов иазгәеиҭеит, апрограмма аҵареи, азанааҭхырхарҭеи, акультуратә ҵаралашареи шеиднакылаз.

"Акультура, арҿиара, аҵара еицызароуп рдыррақәа рырҭбааразы, рымҽхак арҭбааразы, аҿар рхәыцшьа ганрацәала еилазарц, зхырхарҭа рацәоу аԥсҭазаара еиҳа мҽхакы ҭбаала еилыркааларц азы", — иҳәеит иара.

Ашколхәыҷқәа ирыцыз Гал араион аҵара аҟәша аспециалист Хатуна Гьергьедааԥҳа лажәақәа рыла, апрограмма гәылҭәаан, адырра усмҩаԥгатәқәеи аԥсшьареи реилагӡара алнаршеит.

Аныҟәара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә техникатә университети алархәны инагӡахо апроект "Жәларбжьаратәи атехно-мҩақәҵара" ирыцнаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0