https://sputnik-abkhazia.info/20260821/1065121957.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.Аҳәынҭқарра ахада адипломат иҭаацәеи иҭынхацәеи... 21.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-21T18:01+0300
2026-08-21T18:01+0300
2026-08-21T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065121791_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_75d7a55123df248e7d71ed077e2a5556.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.Аҳәынҭқарра ахада адипломат иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура."Изанааҭдырраҳарак, Аԥсны гәык ала иазыҟазаареи, ҳтәылазы ихадоу ахырхарҭаҿы шықәсырацәалатәи иусуреи наунагӡа аԥсуа дипломатиа аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҿы иаанхоит", — ҳәа азгәеиҭахьан уаанӡа Гәынба.Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкны аграждантә панихида мҩаԥысит иахьа Аҟәа.
Тҟәарчал араион абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа рымҽхак 29,4 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит 2026 шықәса актәи азбжа аихшьаалақәа рыла.Ари иазԥхьагәаҭаз арбагақәа раасҭа 6,4 млн мааҭ рыла еиҳауп ҳәа иҳәеит араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Владислав Аџьба.Ҵыԥх абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны алагалақәа реизҳара адинамика 113% ыҟан. 2026 шықәса ԥхынгәы 1 азтәи аҭагылазаашьала, Тҟәарчал араион ашәахтә маҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоуп 107 иуристтә хаҿи 237-ҩык хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи.
2026 шықәса актәи азбжа аихшьаалақәа рыла Тҟәарчал араион аҿы ацәгьоурақәа шә-процентк рыла раарԥшра азгәаҭоуп.Фымз рыҩнуҵҟа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа, ашьаустә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа хәба ашәҟәы иҭаргалеит, урҭ зегьы аарԥшуп.Абри атәы иҳәеит АҩАР араионтә ҟәша аиҳабы Денис Ҷолокәуа, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны аусура алҵшәақәа рҭагылазаашьа аарԥшуа.2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазгьы ашәҟәы иҭагалан хә-цәгьоурак, урҭгьы аарԥшын.
Ашьаҟамҩатә туристтә маршрут ҿыц аатит Тҟәарчал.Уи авторс дамоуп Аҟәа ашьаҟамҩатә ныҟәарақәа еиҿызкаауа ажурналист Арифа Қапԥҳа.Амаршрут хықәкыс иамоу аиндустриатә центрк аҳасабала идыргылоз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан 413 мшы амацәаз иҭакыз, ақалақь-фырхаҵа аҭоурых аларҵәара ауп ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа, Sputnik аинтервиу аҭо.Лара атәыла ахада Бадра Гәынба, иара убас ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы амаршрут аҷыдарақәа ирызку аекскурсиа мҩаԥылгеит.
Бадра Гәынба Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәараз днеит.Аҳәынҭқарра ахада адипломат иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура."Изанааҭдырраҳарак, Аԥсны гәык ала иазыҟазаареи, ҳтәылазы ихадоу ахырхарҭаҿы шықәсырацәалатәи иусуреи наунагӡа аԥсуа дипломатиа аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҿы иаанхоит", — ҳәа азгәеиҭахьан уаанӡа Гәынба.Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкны аграждантә панихида мҩаԥысит иахьа Аҟәа. Тҟәарчал араион абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа рымҽхак 29,4 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит 2026 шықәса актәи азбжа аихшьаалақәа рыла.Ари иазԥхьагәаҭаз арбагақәа раасҭа 6,4 млн мааҭ рыла еиҳауп ҳәа иҳәеит араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Владислав Аџьба.Ҵыԥх абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны алагалақәа реизҳара адинамика 113% ыҟан. 2026 шықәса ԥхынгәы 1 азтәи аҭагылазаашьала, Тҟәарчал араион ашәахтә маҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоуп 107 иуристтә хаҿи 237-ҩык хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи. 2026 шықәса актәи азбжа аихшьаалақәа рыла Тҟәарчал араион аҿы ацәгьоурақәа шә-процентк рыла раарԥшра азгәаҭоуп.Фымз рыҩнуҵҟа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа, ашьаустә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа хәба ашәҟәы иҭаргалеит, урҭ зегьы аарԥшуп.Абри атәы иҳәеит АҩАР араионтә ҟәша аиҳабы Денис Ҷолокәуа, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны аусура алҵшәақәа рҭагылазаашьа аарԥшуа.2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазгьы ашәҟәы иҭагалан хә-цәгьоурак, урҭгьы аарԥшын. Ашьаҟамҩатә туристтә маршрут ҿыц аатит Тҟәарчал.Уи авторс дамоуп Аҟәа ашьаҟамҩатә ныҟәарақәа еиҿызкаауа ажурналист Арифа Қапԥҳа.Амаршрут хықәкыс иамоу аиндустриатә центрк аҳасабала идыргылоз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан 413 мшы амацәаз иҭакыз, ақалақь-фырхаҵа аҭоурых аларҵәара ауп ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа, Sputnik аинтервиу аҭо.Лара атәыла ахада Бадра Гәынба, иара убас ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы амаршрут аҷыдарақәа ирызку аекскурсиа мҩаԥылгеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/15/1065121791_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8af51d272440852687e765f877438931.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио