Урыстәыла АҳәынҭДумахь алхрақәа раан абжьыҭара аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа
18:44 21.08.2026 (ирҿыцуп: 18:53 21.08.2026)

© Sputnik / Михай Караус
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан абжьыҭара аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа апартиа "Аԥсны акзаара" аофис аҿы.
Апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа иазгәеиҭеит, ареспубликаҿы абжьыҭара цәыббра 20 рзы ишымҩаԥысуа. Аԥсны иахьаҵанакуа 35 алхырҭатә ҭыԥ раартра азԥхьагәаҭоуп.
Апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа иазгәеиҭеит, ареспубликаҿы абжьыҭара цәыббра 20 рзы ишымҩаԥысуа. Аԥсны иахьаҵанакуа 35 алхырҭатә ҭыԥ раартра азԥхьагәаҭоуп.
"Ҳара иаҳуалуп алхырҭатә ҭыԥқәа ахьыҟоу ауааԥсыра адырра рыҭара, иара убас атәылауаҩ игәаҳәара анагӡаразы алхрахь ицзарц ахәҭоу адокументқәа иеилыркаара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Алхас Барзаниа иажәақәа рыла, абжьыҭара амш аҽны аинформациатә усура ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит, апровокациақәа ҟалар шалшо азы агәҽанҵара ҟаиҵеит. Иара араионтә ҟәшақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылауаа иахәҭоу аинформациа аиура алдыршарц, оперативла адыррақәа еимырдаларц.
Барзаниа иара убасгьы игәалаиршәеит, 2011 шықәсазы анапы зҵаҩыз, 2025 шықәсазы аҿҳәара инахаз апартиа "Иаку Урыстәыла" аус ацуразы аиқәшаҳаҭра атәы.
"Аполитикатә партиа "Иаку Урыстәылеи" ҳареи ҳконструктивтә еинырра иацаҳҵалоит", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара.