00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Аԥсуажәаԥҟа
13:29
0 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мшынла ҩ-сааҭк: "Комета" Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәарақәа шаԥсахуа

© Sputnik / Томас ТхайцукКомета прибыла в Сухумский порт
Комета прибыла в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik, Екатерина Бидва.Ҩ-сааҭк маҷк инеиҳаны Шәачантәи Аҟәаҟа — аҳәааҿы автомашьынатә гәаранқәа рыда. Ари асезон азы амшынтә маршрут Урыстәылантәи Аԥсныҟа уаазго даҽа ахырхарҭақәа ирыцлеит.

Бжьаратәла "Комета" зныктәи амҩасрала 50-60-ҩык мҩаннагоит, ари асезон азы 82-ҩык апассаџьырцәа зныкала ианыманнагазгьы ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы Павел Макрухин.

Иара иажәақәа рыла, Шәача — Аҟәа ахырхарҭа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы егьырҭ амаршрутқәа раасҭа иҭышәынтәаланы ахы аанарԥшит, иҭышәынтәалам асезони апсшьацәа рхыԥхьаӡара маҷны ишыҟазгьы.

Шәача инхо Алина Новикова лассы-лассы Аԥсныҟа даалоит, аха "Комета" ала раԥхьаӡа акәны дааит.

Лара иџьалшьеит аныҟәара ахьынӡаманшәалоуи аццакреи. Ҩ-сааҭк маҷк нацны рыла Алина лҭыԥ аҿы дҟалеит. Новикова иазгәалҭеит иманшәалоу аихшанҵагьы: ахәаша Аԥсныҟа уааны амҽыша ахәылбыҽха Шәачаҟа ухынҳәыр ҟалоит.

Макрухин иажәақәа рыла, амаршрут атәы хәыҷы-хәыҷла еиҳа-еиҳа апассаџьырцәа еилыркаауеит. Иҟоуп асезон иалагӡаны "Комета" акырынтә зхы иазырхәахьоугьы.

Иааиуа ашықәс азы амҩангаҩцәа Шәача — Аҟәа ахырхарҭа аиқәырхара ргәы иҭоуп. Аҭаххара иазҳалар, аилахәыра азыхиоуп ареисқәа рхыԥхьаӡара есыҽны рҟынӡа аизырҳара. Ари асезон азы амҩангара жьҭаарамзанӡа иацырҵап ҳәа иақәгәыӷуеит, амш иалнаршозар.

Апроект анапхгара даҽа иазԥхьагәаҭан ирымоуп Гагреи Пицундеи ирхьысло амшынтә еимадара агеографиа арҭбаара. Уи азы Аԥсны абаӷәазатәи атуристтәи инфраструктура аҿиара хымԥадатәиуп.

Амшынтә еимадара атуристцәа ареспубликахь анеиразы даҽа хырхарҭак рнаҭоит, Аԥсны иаҭаауа рхыԥхьаӡара еиҳанатәуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0