Хьыбла Гьерзмааԥҳа Пицундатәи амузыкатә школ иалҭеит 1,3 млн мааҭ инареиҳаны
17:49 22.08.2026 (ирҿыцуп: 19:31 22.08.2026)

© Foto / Фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..."
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 22 — Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа Пицундатәи амузыкатә школ иалҭеит 1,3 млн мааҭ инареиҳаны.
XXIV афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." нанҳәа 8 рзы Пицунда имҩаԥысуаз аҩбатәи аконцерт еизнагаз аԥарақәа роуп.
"Сара сзы акраҵанакуеит афестиваль амузыка аныҳәа адагьы, амузыка аҳра ахьауа аҭыԥқәеи, уи амаҵ азызуа ауааи адгылара рыҭаразы лшараны иҟазарц. Пицунда сыԥсҭазаараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит: араҟа раԥхьаӡакәны ауарӷан абжьы саҳаит, ара исызҳауан, ари аҭыԥ иадҳәалоуп схәыҷтәы музыкатә гәалашәарақәа. Сынтәа амузыкатә школ адгылара аҳҭоит", — лҳәеит хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Афестиваль азы итрадициоуп — Аԥсны акультуратә усбарҭақәеи амузыкатә ҵараиурҭақәеи агәыҳалалратә цхыраара рыҭара. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы афестиваль иарҳаз аԥарақәа рыҭан — Пицундатәи ауахәама, А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, ареспублика амузыкатә школқәа, Ф. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуан нанҳәа 2 инаркны 8 рҟынӡа, Аԥсны акультура аминистрреи, Урыстәыла акультура аминистрреи, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди рыцхыраарала.