Аԥснытәи абоксиорцәа хәҩык аиааирақәа ргеит Москвеи Шәачеи имҩаԥысуаз атурнирқәа рҟны
21:33 22.08.2026 (ирҿыцуп: 00:07 23.08.2026)

© AP Photo Sakchai Lalit
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 22 — Sputnik. Аԥснытәи абоксиорцәа хәҩык аиааирақәа ргеит Москвеи Шәачеи имҩаԥысуаз атурнирқәа RCC Boxing Promotions рҟны.
Погос Зопуниан урыстәылатәи аҳҭнықалақь Алиас Ашуров атехникатә нокаутла актәи араунд аан дииааит. Аԥснытәи аспортсмен изы ари аиԥылара раԥхьатәиуп 15 шықәса рышьҭахь.
Дмитри Палаванӡиагьы заанаҵы Даниил Сериогин дииааит — атехникатә нокаут ала актәи араунд аан.
Шәача, Нестор Џьанба Александр Егоров ахԥатәи араунд аҿы анокаут дишьҭит. Ари инысымҩаҿы аԥшьбатәи ииааироуп.
Герман Арџьениа Дырмит Гулиовскии иареи ф-раундк мҩаԥыргеит. Адлеиба аӡбаҩцәа еицҿакны рыӡбарала аиааира игеит.
Игор Адлеибагьы қәҿиарала апрофессионалтә ринг ахь дхынҳәит шықәсыки бжаки аԥсшьара ашьҭахь. Шәача иара узбектәи абоксиор Фаизулло Адхамов атехникатә нокаут ала аиааира игеит аҩбатәи араунд аҿы.