АҳәынҭДумахь алхрақәа раан анеира ҳаракы иахьазыԥшу атәылақәа Аԥсны рхыԥхьаӡалахеит
10:20 23.08.2026 (ирҿыцуп: 10:42 23.08.2026)

© Sputnik / Максим Блинов
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны 35 алхырҭатә ҭыԥ аартыхоит цәыббра 20 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан анеира ҳаракы иахьазыԥшу атәылақәа Аԥсны рхыԥхьаӡалахеит.
"Иаҳҳәап, 2024 шықәсазтәи ахада иалхрақәа раан, зегь реиҳа рыбжьы арҭеит Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кипр, Молдавиа, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла инхо ҳтәылауаа. Ҳгәы иаанагоит уажәгьы "атоп-сиа" аҽаԥсахӡом ҳәа", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акомиссиа ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Максим Раидер.
Адипломат иазгәеиҭеит, аҳәаанырцәтәи алхырҭатә ҭыԥқәа рҭаара аклассикатә ҵакы шамоу — уа алхыҩцәа рсиақәа аԥҵаӡам.
"Убри аҟнытә, ҳара ҳзы урҭ рҭаара баша зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара ауп. Ҳәара аҭахума, уи хыԥхьаӡарала еиҳахоит урыстәылауаа ахьырацәоу, алхратә ҭыԥқәа еиҳа иҭбаау рыкаҭа аиҿкаара алшара ахьыҟоу атәылақәа рҿы", — иҳәеит Раидер.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы иаку абжьыҭара амш азы алхрақәа мҩаԥгахоит хымш рыҩнуҵҟа — цәыббра 18 инаркны 20 рҟынӡа.