Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр агастрольқәа Аԥсны ихацыркуп
20:15 23.08.2026 (ирҿыцуп: 23:48 23.08.2026)
© Sputnik / Эттингер
Анапаҵаҩра
Ҭҳаԥсаев ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр аԥсуа хәаԥшыҩцәа иддырбоит аспектакльқәа хԥа — "Газдановаа", "Демон", "Отелло".
АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Аԥсуа театри Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатри наҟ-ааҟтәи ргастрольқәа 50 шықәса зхыҵуа аҭоурых рымоуп лҳәеит Хьыбла Мықәԥҳа.
"Раԥхьатәи агастрольқәа мҩаԥысит 1976 шықәсазы. Уи ҩ-театрк анаҩстәи рырҿиаратә еимадарақәа уасхырс ирзыҟалеит", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсуа театр адиректор хада.
"Раԥхьатәи агастрольқәа мҩаԥысит 1976 шықәсазы. Уи ҩ-театрк анаҩстәи рырҿиаратә еимадарақәа уасхырс ирзыҟалеит", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсуа театр адиректор хада.
Мықәба иара убасгьы иазгәалҭеит, Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр рықәыргыламҭа "Газдановаа" дшалахәу Нхыҵ Уаԥстәыла Жәлар рартист Едуард Тигиев, уи даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит атеатртә абиԥарақәа реимадара.
"Арепертуар анышьақәҳаргыло, еснагь иалоуп амилаҭтә, аҳәаанырцәтәи, аурыс драматургиа. "Газдановаа" — асовет мчра ашьҭахьтәи аҵакыра зегьы еидызкыло спектакльуп. Ари Асовет Еидгыла зегьы еицырдыруа иҟалаз Газдановаа рҭаацәара ду рҭоурых ауп", — иҳәеит Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Валиев.

Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр 1976 шықәсазы Аԥсны имҩаԥнагаз раԥхьатәи агастрольқәа хашҭра рықәым ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Нхыҵ Уаԥстәыла Жәлар рартист Едуард Тигиев.
"Усҟан ҳара зегьы ҳқәыԥшын, ҳәарада. Сармарахь ала ҳтеатр афиша ыҟоуп, иҭабуп уи ахьеиқәшәырхаз. Сара усҟан ԥшь-спектакльк срылахәын, уи 1976 шықәса рашәара 10 рзы акәын. Ҳара Аԥсны хашҭра зқәымыз 20 мш ҳхаҳгеит", — ҳәа азгәеиҭеит актиор.
Иахьа Тигиев Аԥсуа театр асценахь дцәырҵит аспектакль "Газдановаа" далахәны.
Нхыҵ-Уаԥстәыла Жәлар рартистк Асаҳмаҭ Аидаров иакәзар, ҩ-республикак рмилаҭтә театрқәа рырҿиаратә еимадара ӷәӷәақәа азгәеиҭеит.
Нхыҵ-Уаԥстәыла Жәлар рартистк Асаҳмаҭ Аидаров иакәзар, ҩ-республикак рмилаҭтә театрқәа рырҿиаратә еимадара ӷәӷәақәа азгәеиҭеит.
"Ауаԥсаагьы аԥсуаагьы еилаҳкаауеит ҳара ҳшеизыҟоу. Адунеи зегьы аҿы ажәларқәа аԥсуааи ауаԥсааи реиԥш еизыҟазгьы, адунеи зегь аҿы еибашьра ахаангьы иҟаломызт", — иҳәеит иара.