https://sputnik-abkhazia.info/20260823/khaara-zgym-agabziarazy-uaa-nazakhym-akarpyzhi-ashynkei-rykhaa-1065074154.html
"Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым": акарпыжәи ашьынкеи рыхҳәаа
"Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым": акарпыжәи ашьынкеи рыхҳәаа
Sputnik Аҧсны
Уажәы изаамҭоу акарпыжәи ашьынкеи рҭоурыхи ауаҩи игәабзиаразы иҟарҵоу анырреи еилышәкаарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал... 23.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-23T09:00+0300
2026-08-23T09:00+0300
2026-08-23T09:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/0a/1047435887_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_c27d7d78dbf9723ea01893b397163b90.jpg
Аԥхынтәи ашоураха дарбанызаалак агәаҳәара изцәырымҵыр залшом игәы зырхааша, иҟырҟы зырбааӡаша, дзырхьшәашәаша карпыжәк ма шьынкак снацҳандаз ҳәа. Аԥхын ҳтәыла аџьырмыкьақәа акарпыжәи ашьынкеи рыла иҭәуп. Аԥсны анҭыҵ иаарго еиԥш аҭыԥантәи анхаҩцәа "ираарыхроу" цәырыргоит. Убри аҟнытә досу игьама иақәшәо иԥшаар илшоит. Ашьынкеи акырпыжәи рхылҵшьҭра атәы уҳәозар, амҟәыбатәқәа рҭаацәара (азгә. "семейство тыквенные") иаҵанакуеит. Ари аҭаацәара еиднакылоу аҵиаа хкқәа рыхҿиаақәа ракәақәоуп, ишьҭаиауеит, мамзаргьы иакәшаны а́ха иқәлоит. Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым акарпыжәи ашьынкеи инарҭбааны рыхҳәаа ҟаҳҵап. Акарпыжә. Акарпыжә (азгә. абжьыуаа рҿы "аҳабырзакь" рҳәауеит) аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Аладатәи Африка ауп. Уаҟа, Калахаратәи ацәҳәыраҿы, уажәгьы иҟоуп абна карпыжә хкы. Акарпыжә ауаа рнапахьы иааган иаадрыхуа иалагеит ажәытә Мысра 4000 шықәса уажәы аԥхьа, уаантәи инанагеит Мраҭашәаратәи Европаҟа. Аԥсны акарпыжә аадрыхуеижьҭеи азқьышықәсақәа ирықәлоуп узҳәом, аха аҭыԥантәи адгьыл чашәрақәа ирнаалеит. Амра бзиа абоит, аарҩара ачҳауеит. "Адгьыл еиԥш икәымпылу", излоу, уҿы инҭаӡыҭы ицо акарпыжә ауаҩы игәабзиара арӷәӷәоит: ашоура ӷәӷәақәа раан уархьшәашәоит, аӡы рацәаны иахьалоу аҟнытә аоргонизм арыцқьоит, аҷаҷақәа русура иацхраауеит. Иагәылаҵәаху авитаминқәа акалии амагнии ашьақәыӷәӷәара аҭышәныртәаларазы ацхыраара ҟарҵоит, ашьа-ада ирзеиӷьуп. Арҿиаҩы Гьаргь Гәыблиа иҩымҭақәа руак ианубаалоит: "Ҭамел иҟәныз иаҳәызба ду аҭра иааҭиган, иҿихыз акарпыжә са-са иааԥиҟҟеит. Ииашаны агәаӷь еиқәаҵәақәа агәылаԥхо, иҟаԥшьыуаркалеиуан иара". Жәаҳәарада, акарпыжә ааԥҟаны агәаӷьқәа аалыршәшәаны ирфоит. Иҟоуп уи цҟьаны ашәырӡ алызхуагьы. Акҿаҩра иаманшәалоу аҳәсақәа акарпыжә ацәагьы ус баша иаанрыжьуам, еихырсса-еиҩырсса аиларш (азгә. варенье) хаа алырхуеит. Ашьынка. Ашьынка ахьатәиҵәҟьоу ҳәа аџьынџьдгьыл шьақәыргылаӡам. Абжьара Азиантәи XV ашәышықәсазы инанагеит Европаҟа, Урыстәылаҟа. Ашьынкақәа зегь реиҳа ибзианы иҟалоит Узбектәылеи Ҭурқәментәылеи рҟны, гәыблыла, нап адкыланы иаадрыхуеит ҳтәылаҿгьы. Ашьынка абӷьы аҟьаҟьара еиҳа ихагьежьуп акарпыжә абӷьы аасҭа. Аракәақәа еиҳа икьаҿуп, ажәла ссоуп, анаша жәла еиԥшуп. Ашьынка ҵиаа ахкыжәлақәа ыҟоуп ашәыр дуны изҿало, ихәхәаны, икәымпылны, иссаны, цәаҳәа-цәаҳәа иалданы, абжа ҩежьны – абжа еиқәаны, иҩежьны, уҳәа. Аԥсны аџьырмыкьақәа рҿы лассы-лассы иуԥылоит "Колхозница" ҳәа изышьҭоу рацәак идумхо ашьынкажәла. Ҟалашьала еизыхәхәоуп ма икәымпылу ашьынка, ажәла шәыгәӡа агәҭаны иагәылоуп. Ажәла аамыршәшәаны афара зынӡа имариа усуп. Иааԥҟаны, ацәа аахыхны, ирссаны афараан аџьыкцәаҵәа ахьызшьуа дубап, даҽаӡәых аџьыкхыш ақәиԥсоит. "Абӷьыжә ахы наҵаҵаны зхы зҵәахыз ашьынка иҩежьӡа, иҟәымшәышәӡа ишәит, сыжәбомашь ҳәа зхы хәыҵзырҳәҳәаз, ашәыха амраӡакәа, ахы нхырсеит" - иҩуан иҩымҭақәа руак аҿы ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Ашьынка зчызхәу ргәабзиара ахьчоит: ашоураан уархьшәашәоит, акьатеиқәа русура иацхраауеит, ацәеижь ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит, аблақәа рзы ибзиоуп, иалоу авитаминқәа ауаҩы ддырлахҿыхуеит. Жәлар рҳәамҭакАшьыцра бааԥс змоу, уаҩы иԥырхагоу ҟазҵо, даҽаӡәы изы ажра зжуа - мышкы зны "ихаҭа уи ажра дҭамҳар ауӡом". Убри атәы шьақәнарӷәӷәоит ҵаҟа иаазго аҳәамҭа. "Дыҟан анкьа зны нхаҩык. Иара ауҭраҭых ааирыхуан. Хкыс имамыз ҳәа ак ыҟамызт. Амҟәыба усҟан игьежьӡа иҟалон, иааԥуҟаргьы ихааӡа иҟан. Зны акарпыжәи амҟәыбеи акы ааимаркын, рыгәқәа нибархеит. Аԥшәма ари аниаҳа, еиниршәеит. Аиҩызцәа, аигәылацәа еицәгәышуа ихәарҭам ҳәа дрылабжьеит. Акарпыжә иахашҭит изызгәааз, гәыкала ишыҟаз иааҟалеит амҟәыбазы. Аха амҟәыба агәы ацәгьа ҭакны иҟазаарын. Зны акарпыжә иацәажәо, иргәыбзыӷуа, аӡхықә ахь иааскьанагеит. Акарпыжә аӡы иӡааԥшыларц цқьа инаскьаны ианхықәгыла, инагәҭасын аӡы инӡаанажьлеит. Иара ашьшьыҳәа, ак ҟазымҵаз еиԥш, аҭыԥ инықәтәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥшәма ауҭраҿы даанааи, акырпыжә имбеит. Аҵыхәтәаны акарпыжә ахьӡаажьлаз днадгылт. Даара дгәааит анхаҩы амҟәыбазы. − Уажәшьҭарнахыс уашаӡа, уаҩы уиҭахӡамкәа, уа укнаҳаз! - иҳәан, акарпыжә аӡы иалигеит, иреиӷьыз ҭыԥ бзиа аиҭеит, ихәышәтәит. Амҟәыба акәзар, иашаӡа иааҟалан, уа икынҩалеит. Акыр аамҭа мҩасит убри аахыс, аха иахьагьы амҟәыба уаҩы иҿахьы изнамго, иашаӡа иаанхеит".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/0a/1047435887_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c7e402501f9fe98464a2361d21226c60.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым": акарпыжәи ашьынкеи рыхҳәаа
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Уажәы изаамҭоу акарпыжәи ашьынкеи рҭоурыхи ауаҩи игәабзиаразы иҟарҵоу анырреи еилышәкаарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥхынтәи ашоураха дарбанызаалак агәаҳәара изцәырымҵыр залшом игәы зырхааша, иҟырҟы зырбааӡаша, дзырхьшәашәаша карпыжәк ма шьынкак снацҳандаз ҳәа.
Аԥхын ҳтәыла аџьырмыкьақәа акарпыжәи ашьынкеи рыла иҭәуп. Аԥсны анҭыҵ иаарго еиԥш аҭыԥантәи анхаҩцәа "ираарыхроу" цәырыргоит. Убри аҟнытә досу игьама иақәшәо иԥшаар илшоит.
Ашьынкеи акырпыжәи рхылҵшьҭра атәы уҳәозар, амҟәыбатәқәа рҭаацәара (азгә. "семейство тыквенные") иаҵанакуеит. Ари аҭаацәара еиднакылоу аҵиаа хкқәа рыхҿиаақәа ракәақәоуп, ишьҭаиауеит, мамзаргьы иакәшаны а́ха иқәлоит.
Хаара згым, агәабзиаразы уаҳа назҭахым акарпыжәи ашьынкеи инарҭбааны рыхҳәаа ҟаҳҵап.
Акарпыжә. Акарпыжә (азгә. абжьыуаа рҿы "аҳабырзакь" рҳәауеит) аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Аладатәи Африка ауп. Уаҟа, Калахаратәи ацәҳәыраҿы, уажәгьы иҟоуп абна карпыжә хкы.
Акарпыжә ауаа рнапахьы иааган иаадрыхуа иалагеит ажәытә Мысра 4000 шықәса уажәы аԥхьа, уаантәи инанагеит Мраҭашәаратәи Европаҟа. Аԥсны акарпыжә аадрыхуеижьҭеи азқьышықәсақәа ирықәлоуп узҳәом, аха аҭыԥантәи адгьыл чашәрақәа ирнаалеит. Амра бзиа абоит, аарҩара ачҳауеит.
"Адгьыл еиԥш икәымпылу", излоу, уҿы инҭаӡыҭы ицо акарпыжә ауаҩы игәабзиара арӷәӷәоит: ашоура ӷәӷәақәа раан уархьшәашәоит, аӡы рацәаны иахьалоу аҟнытә аоргонизм арыцқьоит, аҷаҷақәа русура иацхраауеит. Иагәылаҵәаху авитаминқәа акалии амагнии ашьақәыӷәӷәара аҭышәныртәаларазы ацхыраара ҟарҵоит, ашьа-ада ирзеиӷьуп.
Арҿиаҩы Гьаргь Гәыблиа иҩымҭақәа руак ианубаалоит: "Ҭамел иҟәныз иаҳәызба ду аҭра иааҭиган, иҿихыз акарпыжә са-са иааԥиҟҟеит. Ииашаны агәаӷь еиқәаҵәақәа агәылаԥхо, иҟаԥшьыуаркалеиуан иара".
Жәаҳәарада, акарпыжә ааԥҟаны агәаӷьқәа аалыршәшәаны ирфоит. Иҟоуп уи цҟьаны ашәырӡ алызхуагьы. Акҿаҩра иаманшәалоу аҳәсақәа акарпыжә ацәагьы ус баша иаанрыжьуам, еихырсса-еиҩырсса аиларш (азгә. варенье) хаа алырхуеит.
Ашьынка. Ашьынка ахьатәиҵәҟьоу ҳәа аџьынџьдгьыл шьақәыргылаӡам. Абжьара Азиантәи XV ашәышықәсазы инанагеит Европаҟа, Урыстәылаҟа. Ашьынкақәа зегь реиҳа ибзианы иҟалоит Узбектәылеи Ҭурқәментәылеи рҟны, гәыблыла, нап адкыланы иаадрыхуеит ҳтәылаҿгьы.
Ашьынка абӷьы аҟьаҟьара еиҳа ихагьежьуп акарпыжә абӷьы аасҭа. Аракәақәа еиҳа икьаҿуп, ажәла ссоуп, анаша жәла еиԥшуп. Ашьынка ҵиаа ахкыжәлақәа ыҟоуп ашәыр дуны изҿало, ихәхәаны, икәымпылны, иссаны, цәаҳәа-цәаҳәа иалданы, абжа ҩежьны – абжа еиқәаны, иҩежьны, уҳәа. Аԥсны аџьырмыкьақәа рҿы лассы-лассы иуԥылоит "Колхозница" ҳәа изышьҭоу рацәак идумхо ашьынкажәла.
Ҟалашьала еизыхәхәоуп ма икәымпылу ашьынка, ажәла шәыгәӡа агәҭаны иагәылоуп. Ажәла аамыршәшәаны афара зынӡа имариа усуп. Иааԥҟаны, ацәа аахыхны, ирссаны афараан аџьыкцәаҵәа ахьызшьуа дубап, даҽаӡәых аџьыкхыш ақәиԥсоит. "Абӷьыжә ахы наҵаҵаны зхы зҵәахыз ашьынка иҩежьӡа, иҟәымшәышәӡа ишәит, сыжәбомашь ҳәа зхы хәыҵзырҳәҳәаз, ашәыха амраӡакәа, ахы нхырсеит" - иҩуан иҩымҭақәа руак аҿы ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба.
Ашьынка зчызхәу ргәабзиара ахьчоит: ашоураан уархьшәашәоит, акьатеиқәа русура иацхраауеит, ацәеижь ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит, аблақәа рзы ибзиоуп, иалоу авитаминқәа ауаҩы ддырлахҿыхуеит.
Ашьыцра бааԥс змоу, уаҩы иԥырхагоу ҟазҵо, даҽаӡәы изы ажра зжуа - мышкы зны "ихаҭа уи ажра дҭамҳар ауӡом". Убри атәы шьақәнарӷәӷәоит ҵаҟа иаазго аҳәамҭа.
"Дыҟан анкьа зны нхаҩык. Иара ауҭраҭых ааирыхуан. Хкыс имамыз ҳәа ак ыҟамызт. Амҟәыба усҟан игьежьӡа иҟалон, иааԥуҟаргьы ихааӡа иҟан. Зны акарпыжәи амҟәыбеи акы ааимаркын, рыгәқәа нибархеит. Аԥшәма ари аниаҳа, еиниршәеит. Аиҩызцәа, аигәылацәа еицәгәышуа ихәарҭам ҳәа дрылабжьеит.
Акарпыжә иахашҭит изызгәааз, гәыкала ишыҟаз иааҟалеит амҟәыбазы. Аха амҟәыба агәы ацәгьа ҭакны иҟазаарын. Зны акарпыжә иацәажәо, иргәыбзыӷуа, аӡхықә ахь иааскьанагеит. Акарпыжә аӡы иӡааԥшыларц цқьа инаскьаны ианхықәгыла, инагәҭасын аӡы инӡаанажьлеит. Иара ашьшьыҳәа, ак ҟазымҵаз еиԥш, аҭыԥ инықәтәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥшәма ауҭраҿы даанааи, акырпыжә имбеит. Аҵыхәтәаны акарпыжә ахьӡаажьлаз днадгылт. Даара дгәааит анхаҩы амҟәыбазы.
− Уажәшьҭарнахыс уашаӡа, уаҩы уиҭахӡамкәа, уа укнаҳаз! - иҳәан, акарпыжә аӡы иалигеит, иреиӷьыз ҭыԥ бзиа аиҭеит, ихәышәтәит. Амҟәыба акәзар, иашаӡа иааҟалан, уа икынҩалеит.
Акыр аамҭа мҩасит убри аахыс, аха иахьагьы амҟәыба уаҩы иҿахьы изнамго, иашаӡа иаанхеит".