Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп
10:59 24.08.2026 (ирҿыцуп: 11:07 24.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа Дамастәи 63-тәи жәларбжьаратәи аиармарка иалахәхоит.
АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа Дамаск иҟоуп.
Аделегациа иалоуп Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчра змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа Дамастәи 63-тәи жәларбжьаратәи аиармарка иалахәхоит, Шьамтәыла еишьашәалоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи рԥыларақәа мҩаԥнагоит.
Аганқәа аизыҟазаашьақәа рыҿиареи наҟ-ааҟтәи аинтерес змоу аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи ирылацәажәараны иҟоуп.