Аԥсны асуверенитети ахьыԥшымреи агеополитика аконтекст ала иалацәажәеит Аҟәа
16:47 25.08.2026 (ирҿыцуп: 22:28 25.08.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара — аԥсуа ҳәынҭқарра аетап ҿыц ахкраамҭоуп ҳәа азиԥхьаӡоит апартиа " Аԥсны акзаара " ахантәаҩы Алхас Барзаниа.
"Ахьыԥшымра ахә аӡәырҩы раҵкыс еиӷьны иаадыруеит, избанзар уи азы зегь раасҭа ахә ҳаракны иаҳшәеит — ҳҩызцәа гәымшәақәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыла", — ҳәа азгәеиҭеит иара иахьа, Аҟәа имҩаԥысуаз астол гьежь "Агеополитика аконтекст ала асуверенитети ахьыԥшымреи" аҟны дықәгыло.
Барзаниа иазгәеиҭеит, адунеи ирласны аҽшаԥсахуа, еилкаарак змам аҭагылазаашьақәа шазҳауа. Убри раан, Аԥсны азы еиҳарак ихадоуп аԥсуа-аурыс усеицура аӷәӷәара атәыла аҭагылазаашьа ишаныруа аилкаара.
"Аԥыжәара амоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит ҳшәарҭадареи ҳахьчареи реиқәыршәара. Атәылахьчара алшара зныкала иӡбахо акакәны азнеира иашахом", — ҳәа ациҵеит Барзаниа.
Ақырҭуа мчрақәа рхала Аԥсни дареи реизыҟазаашьаҿы акәаԥ дыргылеит, 1992 шықәсазы аибашьра ахацыркрала иҳәеит ауаажәларра-политикатә усзуҩы Сергеи Шамба "Аԥсны акзаара" еиҿнакааз астол гьежь аҟны.

"Аҭоурых аҿы еснагь ус иҟалон — аибашьра иалагоз — иаҵахон, иаҵанакуаз адгьылгьы ацәыӡыр алшон. Уи Актәи адунеизегьтәи аибашьра хацзыркыз, аха иаҵахаз, нас Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иаҵахаз, зҵакырақәа зцәыӡыз Германиоуп иызызку", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Қырҭтәыла атәы ҳҳәозар, аибашьра аихшьаалақәа рыла уи жәытәнатә аахыс иатәыз адгьылқәа ракәӡам иацәыӡыз. Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР алагалара, Сталин ихаан иԥсабаратәымкәа иҟаҵан усын ҳәа игәалаиршәеит Шамба.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара Урыстәыла агеополитикатә позициа иадҳәалан ҳәа азгәеиҭеит "Иаку Урыстәыла" Иреиҳаӡоу ахеилак Абиуро алахәыла Андреи Климов.
"Ашәарҭарақәа даара иҳаракын. Иара убри аан, Вашингтон, Бриуссель, Лондон, Париж, Берлин ибзиан еилыркаауан — уажәы ари аҭагылазаашьа ҳхы анаҳраалар, адунеи атәылақәа реиҳарак реидкылара шзалмыршахоз", — ҳәа азгәеиҭеит иара, Аҟәа "Аԥсны акзаара" еиҿнакааз астол гьежь аҟны дықәгыло.