Ԥсҳәы ақыҭан ауааԥсыра рзы атранспорт ҿыц цәырҵит
20:50 25.08.2026 (ирҿыцуп: 22:07 25.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Ԥсҳәы — Аԥсны зегь реиҳа анеира ахьыуадаҩу ақыҭақәа ируакуп, уахь анеира алшоит мызкахьы реисқәак назыгӡо аҳаирплан Ан-2 ала, мамзаргьы амҩангага ала. Аха ауааԥсыра реиҳараҩык рхатәы транспорт рымаӡам.
АҞӘА, нанҳәа 25 — Sputnik. Ԥсҳәы ақыҭан ауааԥсыра рзы атранспорт ҿыц цәырҵит.
Уажәшьҭа дара алшара рымоуп Аҟәаҟа ашьха ҭыԥқәа рҿы аныҟәара иазыманшәалоу автомашьына "ГАЗ Соболь" ала. Уи 50 кьыла аидара змоу 6-ҩык ауааԥсыра мҩаннагоит ҳәа рҳәеит Аҟәа араион ахадараҿы.
Ақыҭауаа атранспорт цҵала рыцхраара уаанӡа ажәа риҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
"ГАЗ Соболь" аахәоуп ахада ирезервтә фонд ахарџь ала. Аҳҭнықалақь ахь ареисқәа мҩаԥгахоит сабшала.