Аԥсни Новосибирски рыбжьара атуризм аҿиареи атуристтә лшарақәеи ирылацәажәеит
16:41 27.08.2026 (ирҿыцуп: 17:44 27.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 27 — Sputnik. Аԥсни Новосибирски рыбжьара атуризм аҿиареи атуристтә лшарақәеи ирылацәажәеит ареспублика аделегациеи новосибирсктәи атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи.
Иара убас аиԥылара иалахәын арегион аекономикатә ҿиара аминистр Светлана Шарпф ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Лара дазааҭгылеит аобласт иамоу аԥыжәарақәа —аидарақәа раагаразы иҿиоу асистемеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи, IT-комплекси.
Шарпф иажәақәа рыла, Новосибирсктәи аобласт азҿлымҳауп Аԥсни иареи русеицура аҿиара, атуризм аусхкгьы уахь иналаҵаны.
Аԥснытәи аделегациа ахада, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба аиԥылара алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспублика алшареи асасцәа рыдкылара ишазыхиоуи ртәы.
Аганқәа ирылацәажәеит Новосибирск Аԥсны акультура амшқәа рымҩаԥгареи атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа рзы ареспубликахь аӡыргаратә тур алыршареи.