https://sputnik-abkhazia.info/20260828/1065246134.html
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит.Аӡы аҩаӡара иаалырҟьаны ашьҭыҵра иахҟьаны, Бариалтәи... 28.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-28T09:10+0300
2026-08-28T09:10+0300
2026-08-28T09:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҷа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/1c/1065245975_0:280:663:653_1920x0_80_0_0_a99ac83c9522ce91e0e3bcb928d1acda.jpg
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит.Аӡы аҩаӡара иаалырҟьаны ашьҭыҵра иахҟьаны, Бариалтәи аӡхыҽҽақәа ҳәа изышьҭоу аҭыԥ иахьаҵанакуа илеиҩеиуаз быжьҩык атуристцәеи, аҭыԥантәи ҩыџьа ахбыџқәеи аҭагылазаашьа шәарҭа иақәшәеит.Урҭ ралгаразы аиқәырхаҩцәа атехника хьанҭеи иҷыдоу ашьханыҟәаратә маҭәахәқәеи рхы иадырхәеит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы ԥырхага имоуит. Аиқәырхаратә операциа мҩаԥыргеит Гәылрыԥшь араион АҶА амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20260216/1061098900.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/1c/1065245975_0:218:663:715_1920x0_80_0_0_a90afc5cdbf8488a4cd53b737f1b71a9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҷа
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит
09:10 28.08.2026 (ирҿыцуп: 09:42 28.08.2026) АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Маҷара аӡиас аҿы аӡытә шьацҳәа иақәшәаз жәҩык еиқәдырхеит.
Аӡы аҩаӡара иаалырҟьаны ашьҭыҵра иахҟьаны, Бариалтәи аӡхыҽҽақәа ҳәа изышьҭоу аҭыԥ иахьаҵанакуа илеиҩеиуаз быжьҩык атуристцәеи, аҭыԥантәи ҩыџьа ахбыџқәеи аҭагылазаашьа шәарҭа иақәшәеит.
Урҭ ралгаразы аиқәырхаҩцәа атехника хьанҭеи иҷыдоу ашьханыҟәаратә маҭәахәқәеи рхы иадырхәеит ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы ԥырхага имоуит. Аиқәырхаратә операциа мҩаԥыргеит Гәылрыԥшь араион АҶА амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа.