Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи жәларбжьаратәи афестиваль "ШОУАБХАЗИИ" аатит
14:45 28.08.2026 (ирҿыцуп: 14:57 28.08.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи жәларбжьаратәи афестиваль "ШОУАБХАЗИИ" аатит Аҟәа.
Уи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкуп, аидеиатә гәацԥыҳәаҩы — Аԥсни Урыстәылеи Зҽаԥсазтәыз артист Александр Шьоуа.
Афестиваль мҩаԥысуеит нанҳәа 28-29 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿаԥхьа. Актәи амш азы имҩаԥгахоит Урыстәылеи Аԥсни рхәыҷтәи рҿартәи аколлективқәа рықәгыларақәа. Ахәылԥаз хыркәшахоит алахәылацәа зегьы еицырҳәаран иҟоу ашәалеи уахынлатәи акино рыла.
Апроект алахәылацәа хадақәа — Александр Шьоуеи агәыԥ "НЕПАРА", агәыԥ "Земляне", Миа Боика, Валериа Чаика, Викториа Черенцова, Алена Ланскаиа. Аԥснынтәи афестиваль иалахәхоит Саида Агрԥҳа, Саида Габниԥҳа, Альдона Цкәуа, Мадина Кәарацхьелиа, Викториа Лабиа, Хьыбла Мықәба, Нарсоу Абыхәба, Авто Конџьариа, Леван Ԥхалаӡе, Абзагә Ҵәыџьба, Валериа Делба.
Аконцерттә программа адагьы, асасцәа ирзыԥшуп асахьаҭыхыҩцәеи анапҟазацәеи рцәыргақәҵақәа, амилаҭтәи ҳаамҭазтәи амаҭәа арбарақәа, акәашаратәи арҿиаратәи аҟаза-килассқәа, арт-ҵакырақәа, атематикатә фотозонақәа.
Ҩымш имҩаԥысуа афестиваль 600-ҩык артистцәа, амузыкантцәа, арҿиаратә коллективқәа рхаҭарнакцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адизаинерцәа, жәлар рнапкымҭақәа рҟазацәа еиднакылоит.
Апроект мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд ацхыраарала.