Аԥсны ӡырызго астенд ықәдыргылеит Сибратәи анаука-техникатә библиотека аҟәша аҟны
16:22 28.08.2026 (ирҿыцуп: 18:06 28.08.2026)

© Foto / Апсадгьыл-инфо
Анапаҵаҩра
Ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа усуратә ныҟәарала Новосибирсктәи аобласт аҿы иҟоуп.
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥсны ӡырызго астенд ықәдыргылеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Сибратәи анаука-техникатә библиотека аҟәша аҟны.
Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа, Жәлар рдипломатиа ацентр адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Савельев, абиблиотека ахаҭарнакцәа.

"Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә библиотекаҿы ари астенд аартра ҳара ҳзы акырӡа зҵазкуа хҭысуп — уи ҳажәларқәа, ҳкультурақәа, ҳдоуҳатә беиара еиднаҳәалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Иара абиблиотека аколлектив ааԥхьара ахьыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, ԥхьаҟатәи аусеицура арӷәӷәаразы агәыӷрагьы ааирԥшит.
Астенд Урыстәыла иреиҳау абиблиотекақәа руак аҿы иқәыргылоуп, аҭааҩцәа Аԥсны аҭоурыхи, аҭҵаарадырреи, акультуратә ҭынхеи дырдырра иазырхоуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсадгьыл-инфо".
Астенд Урыстәыла иреиҳау абиблиотекақәа руак аҿы иқәыргылоуп, аҭааҩцәа Аԥсны аҭоурыхи, аҭҵаарадырреи, акультуратә ҭынхеи дырдырра иазырхоуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсадгьыл-инфо".