Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәи ибналаз Алмасхан Гәымба даанкылоуп
17:38 28.08.2026 (ирҿыцуп: 18:16 28.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Ауаҩшьразы ахара зыдҵоу, ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәи ибналаз Алмасхан Гәымба даанкылоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа Гәымба дааныркылеит нанҳәа 28 рзы Гәдоуҭа араион абнаҿы, иара иганахьала апроцессуалтә усқәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Алмасхан Гәымба нанҳәа 14 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟынтәи дыбналеит. Уахь иара днаргеит ашьаусеилыргараз аамҭалатәи аанкыларҭа аҟынтәи ахәшәтәразы. Иара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Оҭари Гәымба ишьразы ахара ихигон. Ацәгьоура ҟалеит хәажәкыра 17, 2025 шықәсазы Лыхны ақыҭан.
Аанкылараан Гәымба идырбалеит абџьари аџьаԥҳани.