Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора ирԥылеит
21:10 28.08.2026 (ирҿыцуп: 22:29 28.08.2026)

© Foto / Пресс-служба Президента Республики Абхазия
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора ирԥылеит.
Аиԥылара иалахәыз, Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭагылазаашьеи алшарақәеи, иара убас, акультуратә, ахәаахәҭратә, атуристтә усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара иалахәыз, Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭагылазаашьеи алшарақәеи, иара убас, акультуратә, ахәаахәҭратә, атуристтә усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Ҳара иаҳҭахуп Шьамтәылеи Дамаски инхо ҳашьцәа зегьы ҳавагылазарц. Аԥсуаа, адыгаа, ачерқьесцәа — Шьамтәыла ажәлар зегьы Аԥсны шынхо, ишҿио рбарц", — иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны 63-тәи Дамастәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа ишалахәыз атәы, иазгәеиҭеит аԥсуа павильон арҭбаареи уа ицәыргоу атәыла иазку аинформациа аспектри.
Шьамтәыла иҟоу "Адыга Хасе" аиҳабы Хишам Қаҭи адиаспора аиҳабы Фаҳми Чычбеи Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аимадарақәа анаҩстәи рырӷәӷәара ишадгыло рҳәеит, аделегациа рааразы ҭабуп ҳәа рарҳәеит ҳәа аанацҳауеит ареспублика АдәАР.
Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иахиа Ибрагим иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара аҵак ду шамоу.
Шьамтәыла Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Иахиа Ибрагим иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара аҵак ду шамоу.
