https://sputnik-abkhazia.info/20260901/1065319605.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны ашколқәа рҿы.Сынтәа 29 нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит 152 школ.Актәи акласс ахь ицеит 2 284-ҩык ахәыҷқәа. Бадра... 01.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-01T13:01+0300
2026-09-01T13:01+0300
2026-09-01T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065319439_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_07202d56dfeca159376631ad7236c46f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны ашколқәа рҿы.Сынтәа 29 нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит 152 школ.Актәи акласс ахь ицеит 2 284-ҩык ахәыҷқәа. Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит "Аҵарадырра — аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.Атәыла ахада рџьабаазы арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит, аҵаҩцәа ирзеиӷьишьеит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа.
Бадра Гәынба Адыррақәа амш аҽны Кадахәаратәи ашкол-интернат даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит."Акыр иаԥсоу ҳхәыҷқәа! Шәабацәеи шәабдуцәеи Ҳаԥсадгьыл рыхьчеит, иеиқәдырхеит, ахақәиҭра ҳзааргеит. Шәара иахьа хықәкы хадас ишәымоу ибзианы аҵара, адыррақәа роура, ҳҳәынҭқарра аргылара ацхраара ауп. Шәара уаҵәтәи ҳԥеиԥш шәоуп!" — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада. Иара, аҳәынҭқарразы рџьабаа аҵак ду шамоу азгәаҭаны, арҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҳәынҭқарра ԥыжәара хадақәаны иаԥхьаӡоит атәылауаа ргәабзиареи зхаҭабзиара ҳараку аҵареи иҳәеит атәыла ахада.
Аҧсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.Лара Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ даҭааит.Аҵара аминистр ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа дрыдныҳәало иазгәалҭеит, иахьа ашколқәа рҿы хыдҵас аҵара-ааӡара мацара шықәгылам — амилаҭтә культура зырҿио, еихазҳауа, еиқәзырхо абиԥара рааӡара хымԥадатәиуп ҳәа. Ашьапы иқәгылароуп аԥсуа қыҭа — абра иӷәӷәахароуп, иӷьацароуп аԥсуа милаҭтә культура, ҳазмырӡыз ҳаԥсуара", — ҳәа азгәалҭеит лара. Хана Гәынԥҳа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ирзеиҕьалшьеит агәабзиара, адырра ҿыцқәа рахь агәазыҳәара, аихьӡарақәа, аманшәалара.
Урыстәыла азыхиоуп 2028 шықәсазы еиҭаҵуаа Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рымҩаԥгара ҳәа иҳәеит Путин ШОС асаммит аҿы.Аусмҩаԥгатә сынтәа Бишкек имҩаԥысуеит, уи иалахәуп 18 ҳәынҭқарра рхадацәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи.Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Владимир Путин аусмҩаԥгатә адәқәа рҿы ҩ-ганктәи аиԥыларақәа жәба мҩаԥигоит, Киргизиа ахадацәа Садыр Жапарови Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани рԥыларагьы уахь иналаҵаны.
Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит Азыҳәақәа адыргалар рылшоит ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа, иара убас аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усҳәарҭақәа. Адкылара мҩаԥысуеит асаит (аҿы жьҭаара 16 асааҭ 23:30 рҟынӡа.Аицлабра абиуџьет Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд иазоунажьит, 150 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Алахәылацәа разыҟаҵаразы Аҟәеи араионқәа зегьи рҟны имҩаԥыргараны иҟоуп асеминарқәа, апроекттә ҟазарҭақәа, адистанциатәии латәаралатәии аконсультациақәа.Аихшьаалақәа ҟарҵоит абҵарамзазы, адгылара зауа апроектқәа рынагӡара иалагар алшоит ԥхынҷкәын 1 инаркны.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны ашколқәа рҿы.Сынтәа 29 нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит 152 школ.Актәи акласс ахь ицеит 2 284-ҩык ахәыҷқәа. Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит "Аҵарадырра — аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.Атәыла ахада рџьабаазы арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит, аҵаҩцәа ирзеиӷьишьеит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа. Бадра Гәынба Адыррақәа амш аҽны Кадахәаратәи ашкол-интернат даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит."Акыр иаԥсоу ҳхәыҷқәа! Шәабацәеи шәабдуцәеи Ҳаԥсадгьыл рыхьчеит, иеиқәдырхеит, ахақәиҭра ҳзааргеит. Шәара иахьа хықәкы хадас ишәымоу ибзианы аҵара, адыррақәа роура, ҳҳәынҭқарра аргылара ацхраара ауп. Шәара уаҵәтәи ҳԥеиԥш шәоуп!" — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада. Иара, аҳәынҭқарразы рџьабаа аҵак ду шамоу азгәаҭаны, арҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҳәынҭқарра ԥыжәара хадақәаны иаԥхьаӡоит атәылауаа ргәабзиареи зхаҭабзиара ҳараку аҵареи иҳәеит атәыла ахада. Аҧсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.Лара Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ даҭааит.Аҵара аминистр ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа дрыдныҳәало иазгәалҭеит, иахьа ашколқәа рҿы хыдҵас аҵара-ааӡара мацара шықәгылам — амилаҭтә культура зырҿио, еихазҳауа, еиқәзырхо абиԥара рааӡара хымԥадатәиуп ҳәа. Ашьапы иқәгылароуп аԥсуа қыҭа — абра иӷәӷәахароуп, иӷьацароуп аԥсуа милаҭтә культура, ҳазмырӡыз ҳаԥсуара", — ҳәа азгәалҭеит лара. Хана Гәынԥҳа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ирзеиҕьалшьеит агәабзиара, адырра ҿыцқәа рахь агәазыҳәара, аихьӡарақәа, аманшәалара. Урыстәыла азыхиоуп 2028 шықәсазы еиҭаҵуаа Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рымҩаԥгара ҳәа иҳәеит Путин ШОС асаммит аҿы.Аусмҩаԥгатә сынтәа Бишкек имҩаԥысуеит, уи иалахәуп 18 ҳәынҭқарра рхадацәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи.Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Владимир Путин аусмҩаԥгатә адәқәа рҿы ҩ-ганктәи аиԥыларақәа жәба мҩаԥигоит, Киргизиа ахадацәа Садыр Жапарови Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани рԥыларагьы уахь иналаҵаны. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит Азыҳәақәа адыргалар рылшоит ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа, иара убас аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усҳәарҭақәа. Адкылара мҩаԥысуеит асаит (аҿы жьҭаара 16 асааҭ 23:30 рҟынӡа.Аицлабра абиуџьет Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд иазоунажьит, 150 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Алахәылацәа разыҟаҵаразы Аҟәеи араионқәа зегьи рҟны имҩаԥыргараны иҟоуп асеминарқәа, апроекттә ҟазарҭақәа, адистанциатәии латәаралатәии аконсультациақәа.Аихшьаалақәа ҟарҵоит абҵарамзазы, адгылара зауа апроектқәа рынагӡара иалагар алшоит ԥхынҷкәын 1 инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065319439_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_f4176e8cfde4cea355b44e0da859022c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио