https://sputnik-abkhazia.info/20260901/1065321291.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи Адырра амш рыдиныҳәалеит. "Зегьы ирыцку - ишәзааигәоу бзиа... 01.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-01T13:30+0300
2026-09-01T13:30+0300
2026-09-01T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065321125_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d7194750ce2b5eecdb3b3f12fa0b1589.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи Адырра амш рыдиныҳәалеит. "Зегьы ирыцку - ишәзааигәоу бзиа ижәбалароуп, шәыдгьыл гәакьа, шәтәыла шәазыгәдузароуп, ишәыхьчалароуп шәпатриотцәаҵәҟьазарц азы, ԥхьаҟа шәыԥсҭазаараҿы ақәҿиара змоу уааны шәҟаларц азы. Ҳара адуцәа ҳакәзар, ҳәарада, шәҿаԥхьа иқәшәыргыло ахықәкы ҳаракқәа нашәыгӡарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара аҵаҩцәа рахь ихы нарханы. Гладков иазгәеиҭеит ахәыҷқәеи адуцәеи ирдыруа зегьы арҵаҩцәа рыбзоурала шакәу ишырдыруа, арҵаҩы изанааҭ адунеи аҿы ихадоуп ҳәа ахиҳәааит.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны ашколқәа рҿы.Сынтәа 29 нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит 152 школ.Актәи акласс ахь ицеит 2 284-ҩык ахәыҷқәа.
Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит "Аҵарадырра — аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.Атәыла ахада рџьабаазы арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит, аҵаҩцәа ирзеиӷьишьеит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа.
Аӡбаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳаразы латәаралатәии латәарадатәии акурсқәа раԥхьаӡа акәны ирылагеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.Урҭ еиҿкаауп Твертәи аҳәынҭқарратә университети аӡбарҭеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаԥысуеит "Аҭаацәаратә зинтә еизыҟазаашьақәа ирылҵуа аусқәа аӡбарҭақәа рыхәаԥшраан аматериалтәи апроцессуалтәи зин анормақәа рхархәара" апрограмма ала.Аҵара мҩаԥысуеит аӡбаҩцәа рзанааҭтә усура иаҟәымҭхакәа ҳәа азгәарҭеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.Акурсқәа хыркәшахоит цәыббра 17 рзы, аихшьаалақәа рыла алахәылацәа аршаҳаҭгақәа рырҭоит.
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны иаарту амедицинатә класс ахь аҭалара зҭаху ахәыҷқәа — абиологиеи ахимиеи амаҭәарқәа рыла рдыррақәа рыҩаӡара ҳаракызароуп лҳәеит Аҵара аминистрра азеиԥш бжьаратәии азанааҭтә ҵареи русбарҭа аиҳабы Гәында Гәымԥҳа.Лара лажәақәа рыла, амедкласс ахь аҭалара зҭаху рацәаҩуп, аха иааилакгьы зегьы рыдыркылаӡом, арзаҳал алазҵаз ахәыҷқәа рдыррақәа рыҩаӡара ҭырҵаауеит.Амедицинатә класс ахь ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит. Уахь иҭалара рылшоит зԥеиԥш амедицина адҳәалара згәы иҭоу Аԥсны еиуеиԥшым ашколқәа рҟынтәи 10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа. Апроект нарыгӡоит Аҵара аминистрра ацхыраарала.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥхынтәи аихшанҵала аусура иацнаҵоит цәыббрамзазы.Аҳаиреимадарала Аԥсныҟа аара ҟалоит Москва, Санкт-Петербург, Екатеринбург, Казань, Нижни Новгород, Уфа, Минводы, Омск, Ханты-Мансииск, Оренбург, Самара, Челиабинск рҟынтәи.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи Адырра амш рыдиныҳәалеит. "Зегьы ирыцку - ишәзааигәоу бзиа ижәбалароуп, шәыдгьыл гәакьа, шәтәыла шәазыгәдузароуп, ишәыхьчалароуп шәпатриотцәаҵәҟьазарц азы, ԥхьаҟа шәыԥсҭазаараҿы ақәҿиара змоу уааны шәҟаларц азы. Ҳара адуцәа ҳакәзар, ҳәарада, шәҿаԥхьа иқәшәыргыло ахықәкы ҳаракқәа нашәыгӡарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара аҵаҩцәа рахь ихы нарханы. Гладков иазгәеиҭеит ахәыҷқәеи адуцәеи ирдыруа зегьы арҵаҩцәа рыбзоурала шакәу ишырдыруа, арҵаҩы изанааҭ адунеи аҿы ихадоуп ҳәа ахиҳәааит. Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит Аԥсны ашколқәа рҿы.Сынтәа 29 нызқьҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рзы рышәқәа аадыртит 152 школ.Актәи акласс ахь ицеит 2 284-ҩык ахәыҷқәа. Бадра Гәынба ашколхәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит "Аҵарадырра — аҳәынҭқарра аҿиара аусхк аҟны уасхыр хадас иҟоуп. Ҳара иахьа ҳҵаҩцәа ираҳҭо адырреи ааӡареи ирыбзоуроуп ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.Атәыла ахада рџьабаазы арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит, аҵаҩцәа ирзеиӷьишьеит аинтерес зҵоу аҵарашықәс, адырра ҿыцқәа, аҩызцәа бзиақәа, аихьӡара дуқәа. Аӡбаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳаразы латәаралатәии латәарадатәии акурсқәа раԥхьаӡа акәны ирылагеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.Урҭ еиҿкаауп Твертәи аҳәынҭқарратә университети аӡбарҭеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаԥысуеит "Аҭаацәаратә зинтә еизыҟазаашьақәа ирылҵуа аусқәа аӡбарҭақәа рыхәаԥшраан аматериалтәи апроцессуалтәи зин анормақәа рхархәара" апрограмма ала.Аҵара мҩаԥысуеит аӡбаҩцәа рзанааҭтә усура иаҟәымҭхакәа ҳәа азгәарҭеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.Акурсқәа хыркәшахоит цәыббра 17 рзы, аихшьаалақәа рыла алахәылацәа аршаҳаҭгақәа рырҭоит. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны иаарту амедицинатә класс ахь аҭалара зҭаху ахәыҷқәа — абиологиеи ахимиеи амаҭәарқәа рыла рдыррақәа рыҩаӡара ҳаракызароуп лҳәеит Аҵара аминистрра азеиԥш бжьаратәии азанааҭтә ҵареи русбарҭа аиҳабы Гәында Гәымԥҳа.Лара лажәақәа рыла, амедкласс ахь аҭалара зҭаху рацәаҩуп, аха иааилакгьы зегьы рыдыркылаӡом, арзаҳал алазҵаз ахәыҷқәа рдыррақәа рыҩаӡара ҭырҵаауеит.Амедицинатә класс ахь ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит. Уахь иҭалара рылшоит зԥеиԥш амедицина адҳәалара згәы иҭоу Аԥсны еиуеиԥшым ашколқәа рҟынтәи 10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа. Апроект нарыгӡоит Аҵара аминистрра ацхыраарала. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥхынтәи аихшанҵала аусура иацнаҵоит цәыббрамзазы.Аҳаиреимадарала Аԥсныҟа аара ҟалоит Москва, Санкт-Петербург, Екатеринбург, Казань, Нижни Новгород, Уфа, Минводы, Омск, Ханты-Мансииск, Оренбург, Самара, Челиабинск рҟынтәи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/01/1065321125_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_e07f3422b85c2e5f23e982d36feed6af.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио