Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 130 ҭадырхеит
09:26 02.09.2026 (ирҿыцуп: 10:34 02.09.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 130 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Ростовтәи, Орловтәи, Тулатәи, Тамбовтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.