Аԥсни Урыстәылеи аспорти аҿартә политикеи рҟны русеицура иалацәажәеит Ҳагбеи Гладкови
20:12 03.09.2026 (ирҿыцуп: 00:29 04.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи аспорти аҿартә политикеи русхкқәа рҟны русеицура иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Тарашь Ҳагбеи Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови.
Аганқәа азааҭгылеит ахҭыстә туризм аҿиара, аспорттә усмҩаԥгатәқәа апрофессионалтә спортсменцәеи абзиабаҩцәеи ахьаднаԥхьало ҭыԥқәаны реиҿкаара ҳәа аанацҳауеит ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит урыстәылатәи арегионқәа жәпакы арҭ ахырхарҭақәа рыла аԥышәа бзиа шрымоу, урҭ реиҭаҳәара ишазыхиоу.
Иара убас, Ҳагбеи Гладкови аҿар раԥшьгарақәа рыҿиареи Аԥсны ахаҭарнакцәа цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль ралахәреи ирылацәажәеит.