Урыстәыла АҶА Аԥсны ианаҭоит 27 ак атехника
22:58 03.09.2026 (ирҿыцуп: 00:15 04.09.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Урыстәыла АҶА Аԥсны ианаҭоит 27 ак атехника.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит урыстәылатәии аԥснытәии аусбарҭақәа рхадацәа Александр Куренкови Алиас Аҩӡбеи, Казань иҟоу жәларбжьаратәи асалон "Акомплекстә шәарҭадара" адәқәа рҟны ҳәа аанацҳауеит УА АҶА.
Ари атема иалацәажәан ԥхынгәымзазы аусеицуразы акомиссиа аилатәараҿы. Атехцхыраара актәи аетап нагӡоуп, Аԥсны иарҭеит агидравликатә авариатә-еиқәырхаратә комплектқәа, арлашагатә комплексқәа, абензинхәархьқәеи аӡхәыҵаларатә хархәагақәеи, еиҭаҵуа афымцастанциақәеи аԥырҩы дызҭам авертолиоттә хкы змоу авиациатә системақәеи.
"Анаҩстәи ацхыраара аетапқәа иазԥхьагәарҭоит аԥсуа ган иаҭаху аматериалтә маҭәахәқәа иаанхаз рыхәҭа аахәара, амцарцәаратә, аиқәырхаратә, ацхыраагӡатә техника 27 цыра налаҵаны, иара убас амцарцәаҩ рымаҭәа акомплектқәа 250", — иҳәеит Куренков.