Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" апроекттә ҟазарҭа мҩаԥысит Аҟәа
12:31 05.09.2026 (ирҿыцуп: 12:57 05.09.2026)

© Sputnik / Асмат Цвижба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" апроекттә ҟазарҭа мҩаԥысит Аҟәа.
Аҟаза-иклассқәа рлахәылацәа аицлабра аԥҟарақәа, аҭахрақәа, апроект азырхиашьа, уҳәа егьырҭ акәамаҵамақәа инарҭбааны еилдыргалоит.
Ацентр "Гарант" адиректор Марина Михаилова лажәақәа рыла, лассы-лассы аинтерес зҵоу апроектқәа алԥшаара иахысӡом, избанзар урҭ равторцәа ииашамкәа азыҳәақәа хадырҭәаауеит, ииашам акцентқәа ҟарҵоит, иахьынӡақәнагоу аус рыдырулаӡом.
Ас еиԥш аԥышәа аиура алшоит апроекттә ҟазарҭақәа рылахәхара ала.

"Ҳара еилҳаргалоит еиҳа лассы-ласс иуԥыло агхақәа, ас еиԥш иҟоу аҟазарҭақәа рылахәхара, нас хазхаҭалатәи абжьгарақәа рахь анеира — аиааира зго азыҳәа азырхиаразы алшарақәа акырӡа еизнарҳауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
"Аԥсны арҿиаҩцәа" аҩбатәи аицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит цәыббра 1 азы, имҩаԥыслоит жьҭаара 16 рҟынӡа.
Азыҳәақәа нарышьҭыр рылшоит ареспубликаҿы ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа, иара убас, аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усбарҭақәа.
Аицлабра афмнанстә цхыраара Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд иазоунажьит, 150 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.