Хәеихагылак змоу анхарҭаҩны ауадақәа руак ахыблаҟьа ақәшәеит
15:47 05.09.2026 (ирҿыцуп: 16:25 05.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Хәеихагылак змоу анхарҭаҩны ауадақәа руак ахыблаҟьа ақәшәеит.
Иара ҩбаны иҭасаз аԥенџьыр ԥҽны аҭуан иаахеит. Насыԥла аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Ауаҭах аԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, агәылара аҩны аҭаца дааргон.
Иара ҩбаны иҭасаз аԥенџьыр ԥҽны аҭуан иаахеит. Насыԥла аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Ауаҭах аԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, агәылара аҩны аҭаца дааргон.
"Иарбоу аҭагылазаашьаҿы уи дарбанызаалак ихьысыр алшон, иагьалшоит. Уажәы ачарақәа раамҭаз, аиҳабацәеи аҿари рахь ааԥхьара ҟасҵоит — абџьар зышәҭо хылаԥшра ашәҭарц, анхарҭа ҭыԥқәа рҿы ахысра иалагаанӡа, агәҽанызаара аашәрыԥшырц", — лҳәеит лара.
Аԥҳәызба иара убасгьы аиҳабыра рахь аҳәара ҟалҵеит — ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгареи ахархәареи рыпроблема аӡбараҿы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргарц.
Изакәанымкәа абџьар аныҟәгара аӡбара азҵаара Аԥсны азы актуалра аҵоуп — Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, бжьымзы рыҩнуҵҟа азинхьчаҩцәа ари ахәҭаҷ ала 57 ус хацдыркит.
Изакәанымкәа абџьар аныҟәгара аӡбара азҵаара Аԥсны азы актуалра аҵоуп — Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, бжьымзы рыҩнуҵҟа азинхьчаҩцәа ари ахәҭаҷ ала 57 ус хацдыркит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, аҳәынҭқарра ахада абџьар ахы иақәиҭны аныҟәгара зынӡа ақәиҭымтәразы иаԥшьгара аусбарҭа шадгыло, ариашарақәа Апарламент ахь ишынашьҭу.
Иара убасгьы, атәыла араионқәа зегьы рҿы акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы апрофилактикатә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит.
Иара убасгьы, атәыла араионқәа зегьы рҿы акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы апрофилактикатә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит.

