Абџьар аныҟәгаразы 650 инареиҳаны азин рыҭоуп 2026 шықәсазы
17:29 12.08.2026 (ирҿыцуп: 18:02 12.08.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. Абџьар аныҟәгаразы 650 инареиҳаны азин рыҭоуп Аԥсны 2026 шықәсазы ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Ашықәс актәи азбжаз, абџьар аахәаразы азин 1198 рыҭоуп. Еиҿҳарԥшуазар, 2025 шықәсазы аныҟәгараз азин 313 рыҭан , 234 — аахәаразы.
Кьиут иазгәеиҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра азин шамам адокументқәа нагӡаны иҟазар, абџьар аахәареи аныҟәгареи азин рымхра, убри аан аус зуа азакәанԥҵара аԥсахра хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарра ахада абџьар ахы иақәиҭны аныҟәгара зынӡа ақәиҭымтәразы иаԥшьгара иадгылоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Кьиут. Иара иажәақәа рыла, уи азы азакәан аиҭакрақәа Апарламент ахь инашьҭуп.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит аус зуа анормақәа хра шрымам, абџьар ахы иақәиҭны аныҟәгара ареспубликаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа иҽеим анырра шанаҭо.
Убри аан, иара иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу ауааԥсыра абџьар зынӡа рымхра шакәым, иахәҭоу адокументқәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи ыҟазар аҵәахра азин рыҭара ауп.