Аԥсуа нбанқәа рыхҩылаақәа ҭыжьуп ареспубликаҿы
15:18 06.09.2026 (ирҿыцуп: 15:43 06.09.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Ахҩылаақәа раахәара ҟалоит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда, Аҟәа аканцелиартә дәқьанқәа рҿы.
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Аԥсуа нбанқәа рыхҩылаақәа ҭыжьуп ареспубликаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аидеиа автор, Гагратәи аграфикатә дизаинер Иулиа Багаҭелиаԥҳа.
Урҭ хықәкы хадас ирымоу — ахәыҷқәа аԥсуа алфавит анбанқәа рыҩшьа аҵараҿы рыцхраара ауп.

"Сара, зхәыҷқәа аԥсуа школқәа рҿы иҭамгьы уахь иналаҵаны, аҭаацәа аӡәырҩы рҟынтәи лассы-ласс исаҳауеит, ас еиԥш иҟоу ахҩылаақәа ус аламала ишыҟам. Урысшәала ауп ишыҟоу. Анкьа урҭ ыҟан, аха уажәшьҭа иузыԥшаауам", — ҳәа азгәалҭеит Багаҭелиаԥҳа.
Актәи апартиа атираж маҷ ала иҭыжьуп — 500 тетрад аформат А5. Апроект иақәшаҳаҭхеит Аԥсны аҵара аминистрра, акьыԥхь ҟалаанӡа аусбарҭа аспециалистцәа иахәҭоу абжьгарақәеи ариашарақәеи зегьы аларгалеит ҳәа азгәалҭеит Багаҭелиаԥҳа.
Ахҩылаақәа раахәара ҟалоит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда, Аҟәа аканцелиартә дәқьанқәа рҿы.
Иулиа Багаҭелиаԥҳа лажәақәа рыла, урҭ ирласны иаархәоит, ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп даҽа тиражк аҭыжьра. Шаҟа хыԥхьаӡарала, насгьы ианбалшо уи аҟаҵара, макьаназы автор аҭак аҟаҵара лцәыуадаҩхеит.
Уи адагьы, Багаҭелиа лгәы иҭоуп сахьала еиқәыршәоу аԥсуа лакәқәа рҭыжьра. Аха аҳәынҭқарра адгылара амҭакәа, ари апроект анагӡара мариахом ҳәа ацылҵеит лара.