Гәынԥҳа Аҵара аминистрра аколлегиаҿы ирылаҳәаз агхақәа азеиԥш уснагӡатәқәаны илыԥхьаӡоит
18:50 06.09.2026 (ирҿыцуп: 19:16 06.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз аҵарашықәс аихшьалақәеи аҵаратә стандартқәа рышьақәырӷәӷәареи ирызкыз Аҵара аминистрра аколлегиа мҩаԥысит Аҟәа, ахәаша, цәыббра 4 рзы.
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Аҵара аминистрра аколлегиаҿы ирылаҳәаз агхақәа — ари аусбарҭа ашколқәа алархәны аус здыруло азеиԥш уснагӡатәқәа роуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
Аколлегиа аихшьаалақәа ауаажәларраҿ еиуеиԥшымкәа ирызнаган, ишахәҭаз обиективла акәымкәа ҳәа азгәалҭеит лара.
Аколлегиа аихшьаалақәа ауаажәларраҿ еиуеиԥшымкәа ирызнаган, ишахәҭаз обиективла акәымкәа ҳәа азгәалҭеит лара.
"Азҵаарақәа ыҟан, урҭ рҭакқәа ҟаҵан. Аусуратә кәамаҵамақәа рацәаны иҟалоит, аха ҳколлега анаҩс, активла аусеицура шхымԥадатәиу агәра ганы ҳдәылҵит. Убри азоуп аколлегиақәа зыҟоу, апроблемақәеи урҭ рыӡбашьа амҩақәеи ҳрылацәажәарц", — ҳәа лыҩуеит аминитср асоциалтә ҳақәа рҿы.
Лара иазгәалҭеит, аколлегиаҿы ишалацәажәоз аҳәынҭқарратә школқәа ҩбеи ахатәы школки ргәаҭарақәа. Илҳәеит аусбарҭа ахатәы школ "Альфа" ишадгыло, ари ашкол аҟынтәи арҵаҩцәа ареспубликатә форум ахь ишааԥхьаз, актәи акласс аҵаҩцәа ашәыра ҿыцқәа шроуз, иара убасгьы ишрырҭо ажурналқәа, арҵаратә литература, апарта ҿыцқәа.
"Ҳара ҳзы атәым хәыҷқәа ыҟаӡам, ҳара ҳтәқәеи атәым директорцәеи ыҟаӡам. Ахатәы школ "Альфа" адиректор хаҭалатәи ҳаҭыр дула сылзыҟазаара зынӡаскгьы аҽаԥсахӡом. Ахатәы ҵаратә сектор атәыла азеиԥш ҵара асистема аинтеграциа аганахьала аҵара аминистрра апозициагьы аҽаԥсахӡом. Ҳара альтернатива ҳадгылоит, ҳара еиуеиԥшым агәаанагарақәа рзы ҳаҟоуп, ҳара адиалог ҳадгылоуп, ҳара алҵшәа ҳрыдгылоуп", — ҳәа лажәа хлыркәшеит Хана Гәынԥҳа.