Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы Ақалақь амш аҽны
11:17 07.09.2026 (ирҿыцуп: 13:07 07.09.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы Ақалақь амш аҽны.
Аныҳәа иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, араион ахада Асҭамыр Аргәын, Жәлар Реизареи араионтә Еизареи рдепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, Самара аиашьаратә қалақь аҟынтәи аделегациа, Гәдоуҭа ауааԥсыреи асасцәеи.
Абираҟ ашьҭыхра азин ирҭеит Аԥсны Афырхаҵа Геннади Маан. Абираҟ аура — 10 метрак иҟоуп, аҭбаара — 20 метра.
Аԥсны зегь раасҭа иҳараку абираҟ шьаҟа Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы иқәдыргылеит нанҳәа 6 рзы. Аиха иалху ашьаҟа 50 метра инаӡоит, акапан — 5,2 тонна ыҟоуп.