Дәрыԥшь ақыҭан аамҭалатәи аӡымҩангага ашьҭаҵара хыркәшоуп
22:07 08.09.2026 (ирҿыцуп: 22:31 08.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Дәрыԥшь ақыҭан аамҭалатәи аӡымҩангага ашьҭаҵара хыркәшоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит гәдоуҭатәи "Аӡыршьҭра" аиҳабы Мераб Дауров.
Адгьылҳәазара ааха знаҭаз аихатәы труба апластикатә ала иԥсахуп. Анаҩс иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуло ацәаҳәа ҿыц ашьҭаҵаразы аусурақәа мҩаԥгахоит.
"Дәрыԥшьи Лыхни ақыҭақәа иацы аӡы роуит. Иахьа аӡы Замостианка аӡеизакырҭанӡа инеит. Аизакырҭа ҭәаанӡа аӡы анашьҭра ҳәаақәаҳҵахоит. Сгәы иаанагоит, уаҵәы ашьыжь иаанхаз хә-қыҭакгьы аӡы роуеит ҳәа", — иҳәеит Дауров.
Дәрыԥшьтәи аӡыҭгага ааха аиуит нанҳәа 27 рзы илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны. Ӡыда иҟан быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки.