Гәдоуҭа араион аҿы аӡы аамҭалатәи аихшанҵала инарышьҭуеит
18:37 09.09.2026 (ирҿыцуп: 19:46 09.09.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
Дәрыԥшьтәи аӡыҭгага ааха аиуит нанҳәа 27 рзы илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны. Ӡыда иҟан быжь-қыҭаки Гәдоуҭа ақалақь аиҳараки.
АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы аӡы аамҭалатәи аихшанҵала инарышьҭуеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.
Иара Дәрыԥшь аӡымҩангага арҽеиразы ҩымчыбжь шазоужьыз, аха аргылаҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи русеицура иабзоураны уи жәамш рыла ишхыркәшахаз азгәеиҭеит.
Иргылоу аӡыхкыра анаҩстәи адгьыл аҿыбгарақәа раԥырҟәҟәаара, мамзаргьы раанкылара алнаршоит. Аспециалистцәа аҟәарақәа рырӷәӷәара, атрубақәа рыԥсахра, аинфраструктура аӡынра азырхиара рнапы адыркхьеит.
Делба иазгәеиҭеит ԥшьқыҭак рҿы аӡы макьана ишымнеиа. Уи зыхҟьо иааиуа уахыки-ҽнаки рыла иҟалараны иҟоу асистема арҭәра ауп.