Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 5 млн рҟынӡа аизырҳара азгәаҭоуп иҳәеит Назаров
15:14 11.09.2026 (ирҿыцуп: 22:45 11.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik. Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 5 млн рҟынӡа аизырҳара азгәаҭоуп 2030 шықәсазы, абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров, Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.
Уи азы асасааирҭақәеи аглемпингқәеи дыргылалоит, альготатә кредит аҭара апрограммагьы уахь иналаҵаны, иара убас асертификациа асистема еиӷьыртәлоит.
Хазҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп аҳаирбаӷәазеи аушьҭырҭатә ҭыԥи реиҭашьақәыргылара, амҩақәа рырҽеира уҳәа аинфраструктуратә проектқәа. Абарҭқәа зегьы атуристцәа рхыԥхьаӡара анырра анаҭоит ҳәа азгәеиҭеит Назаров.
Назаров иажәақәа рыла, Урыстәыла Аԥсны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси адгылара ҭбаа анаҭалоит. Азакәанԥҵара аишьашәаларазы аусура иацҵахоит.
Уи адагьы, аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы афатә ԥха еиҿкаахоит Аԥсны 152 школ рҟынтәи 57 рҿы.
Хара имгакәа даҽа 13 школ рҿы ахәыҷқәа рыкрыфараза алшарақәа еиҿкаахоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров, Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан. Егьырҭ рзы еиҳа аамҭа аҭаххоит — инықәырԥшны шықәсык-ҩышықәса.
"Ахәыҷқәа ркатегориак рзы азынҷақәа рыла реиқәыршәара авариант иазхәыцтәуп. Мамзар џьоукы ирыҭо аҽа џьоукы ирымҭа аҟаҵара — рацәак ииашам", — ҳәа азгәеиҭеит Назаров.

Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аҟәаҟа иааит иахьа.
Аусутә ныҟәара иалагаӡаны — Атәыла ахада Бадра Гәынбеи иареи еиԥылеит, аминистрцәа реилазаараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит, аинвестпроектқәа жәпакы дырҭааит — Цандрыԥшь иҟоу асасааирҭатә комплекс "Берег моря", Бзыԥҭатәи акаҭран-бетонтә зауад, ауараши аџьбарра злам арыжәтәи ахьыҟарҵо азауад "Кристалл".