https://sputnik-abkhazia.info/20260914/1065624906.html
Барцыц: Урыстәыла – адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп
Барцыц: Урыстәыла – адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Урыстәыла – ари адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп, алшарақәа иртәылоуп ҳәа азгәаҭо Аԥсны АдәА... 14.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-14T16:34+0300
2026-09-14T16:34+0300
2026-09-14T16:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0b/1064917994_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_d75841c6ff715e22965b842b573f5d4d.jpg
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Урыстәыла – ари адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп, алшарақәа иртәылоуп ҳәа азгәаҭо Аԥсны АдәА рминистр Олег Барцыц, Екатеринбург имҩаԥысуа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль азы имаз ацәаныррақәа ҳацеиҩишеит.Иара иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҿар гәахәарала аусмҩаԥгатә ишалахәу.Екатеринбург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль еизнагеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи жәанызқьҩык рҟынӡа аҿар. Аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шәҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахаҭарнакцәа.Екатеринбург афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 17 рҟынӡа. Раԥхьаӡакәны имҩаԥгахоит АЖәР жәларбжьаратәи ахәҭа. Уи Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0b/1064917994_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_10cbcc6e4fd414af4750f17c0794cef4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Барцыц: Урыстәыла – адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп
16:34 14.09.2026 (ирҿыцуп: 16:53 14.09.2026) АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Урыстәыла – ари адунеи иазаарту, зҩызцәа рзы, егьырҭ атәылақәа рҿар рзы иаарту тәылоуп, алшарақәа иртәылоуп ҳәа азгәаҭо Аԥсны АдәА рминистр Олег Барцыц, Екатеринбург имҩаԥысуа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль азы имаз ацәаныррақәа ҳацеиҩишеит.
"Аԥсуа делегациазы, ҳәарас иаҭахузеи, ари лшара дуӡӡоуп. Ҳҿар рзы ас еиԥш зымҽхак ҭбаау аформаҭқәа рбаразы, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи рықәлацәа рыҿцәажәаразы ԥышәарҳароуп", —
иҳәеит Барцыц.
Иара иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҿар гәахәарала аусмҩаԥгатә ишалахәу.
Екатеринбург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль еизнагеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи жәанызқьҩык рҟынӡа аҿар. Аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шәҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахаҭарнакцәа.
Екатеринбург афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 17 рҟынӡа. Раԥхьаӡакәны имҩаԥгахоит АЖәР жәларбжьаратәи ахәҭа. Уи Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп.