Аԥсны АЖәР аекспедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыхиоуп аҳәаанырцәтәи асасцәа рыдкылара
17:39 14.09.2026 (ирҿыцуп: 18:53 14.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Аԥсны Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аекспедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыхиоуп аҳәаанырцәтәи асасцәа рыдкылара.
Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит Аҿари аспорт азы Аҳәынҭеилакы аҿар аус рыдуларазы аҟәша аиҳабы Беслан Аршбеи ЖәАР адирекциа Ахаҭарнакра анапхгаҩы Иулиа Красцовеи.
Аиԥылара мҩаԥысит Аҟәатәи алашарбага анаԥшырҭаҿы.
Алашарбага арҭ амшқәа рзы Екатеринбург имҩаԥысуа АЖәР апрограмма аԥсуа хәҭа иасимволхоит.

"Алашарбага – ари аҿар рзы амҩа аазырԥшуа символуп. Аҟәатәи алашарбага адунеи зегь аҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациазы мҩақәҵагас ирзыҟалеит", — ҳәа азгәалҭеит Иулиа Красцова.
Беслан Аршба иҳәеит афестиваль алахәылацәа рзы алашарбага миниатиура шаздырхио, уи ишырҭаху идырԥшӡар, ргәазыҳәарақәа анырҵар шрылшо.
Иара афестиваль анхыркәшахалак 20 тәыла рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациақәа ахьыҟало Гагра ақалақь иарҭоит.
Аекспедициа хәымштәи апрограмма "Аԥснытәи ацәқәырԥа" х- блоккны еихшахоит–аҵаратә, акультуратә, "ихәарҭоу" ҳәа. Афестиваль алахәылацәа иара убас Риҵатәи апарк, аетнопарк "Аԥсны", Аҟәа ирҭаауеит.
Хықәкы хаданы иҟалоит Аԥсны еиԥш афестиваль иалахәу атәылақәагьы рҿы ареспублика аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ацхыраарала инагӡахар зылшоз апроектқәа аус рыдулара.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы имҩаԥгахоит Аԥсны ахада Бадра Гәынба иԥылара. Апроектқәа равторцәа русумҭақәа атәыла ахада идыргалар рылшалоит.