АҳәынҭДумахь адепутатцәа ралхразы аинформациа аволонтиорцәа ирыладырҵәоит
18:11 14.09.2026 (ирҿыцуп: 18:47 14.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхра мҩаԥгахоит амҽыша, цәыббра 20 рзы.
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы аинформациа аволонтиорцәа ирыладырҵәоит, абаннерқәа рыкнаҳареи, смс-дырраҭарақәа рылеи.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит цәыббра 20 рзы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхрақәа — Аԥсны инхо реиԥш, ԥсшьара иҟоу урыстәылатәи атәылауаагьы налаҵаны, зегьы рзы ашықәс азы ихадоу политикатә хҭысуп ҳәа.

"Аӡәы аӡыргара ибоит, аӡәы абаннер, ма смс иоуеит. Ас еиԥш иҟоу адырраҭарақәа рхыԥхьаӡара азхароуп, цәыббра 20 рзы унеины убжьы ауҭар шалшо, ишаҭаху угәалашәарц, насгьы Аҳәынҭқарратә Дума анаҩстәи аусура аҿҳәара анырра азҭо, ҳтәылазы ихадоу азакәанқәа рыдкылара уҽалаурхәырц азы", — иҳәеит Гладков.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхра мҩаԥгахоит амҽыша, цәыббра 20 рзы. Аԥсны аус рулоит алхырҭатә ҭыԥқәа 50, иара убасгьы еиҿкаахоит анҭыҵтәи абжьыҭира.