Аԥсны аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥырҟәҟәаара 700 млн мааҭ рҟынӡа аҭаххоит
20:08 14.09.2026 (ирҿыцуп: 21:43 14.09.2026)

© Foto / пресс-служба Администрации президента Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 — Sputnik. Аԥсны аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥырҟәҟәаареи ааха зауз ацхыраара рыҭареи рзы ихымԥадатәиу аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш мҽхакы, заанаҵтәи адыррақәа рыла 700 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Арҭ ахықәкқәа рзы 306 млн мааҭ азоужьра азы аӡбамҭа рыдыркылахьеит.
Иахьа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаԥигеит.
Атәыла ахада ишазгәеиҭаз ала, 2026 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыдҳәалоу 40 инареиҳаны ахҭысқәа азгәаҭоуп.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иҳәеит 26 инфраструктуратә обиект ацхыраара рыҭаразы аӡбамҭақәа шрыдыркылаз, иааидкыланы урҭ ирықәхарџьхо 245 млн мааҭ итәоит, иара убас 34 млн мааҭ рыхә атәылауаа иаларҵаз 229 рзаҳал ирыхҭынҵахоит.
Ахәаԥшраҿы иҟоуп 145 млн мааҭ рыхә аинфраструктуратә обиектқәа 14 рзы азҵаарақәа, иара убас 6 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо атәылауаа рҟынтә 29 рзаҳал.
Аҳәынҭқарра ахада атәыла анапхгара ирыдиҵеит аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусмҩаԥгатәқәа аԥаразоужьразы иназыцҵоу арезервқәа рыԥшаарц. Уи азы анапынҵа ҟаҵоуп хазы игоу аплантә усмҩаԥгатәқәа аамҭала раанкылара.
Бадра Гәынба иара убасгьы аҩаӡарақәа зегьы рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аныҟалалак иахьынӡауа оперативла аус руларц.